Search is not available for this dataset
url
stringlengths
0
2.23k
collection
stringclasses
8 values
source
stringclasses
91 values
original_code
stringclasses
21 values
text
stringlengths
32
394k
__index__
int64
0
5.47M
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B7%D1%8B%D4%A5%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BD%D1%8B%D1%85%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Бзыԥтәи аныхабаа () — Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақыҭа Бзыԥ. Ауахәама ақәцә хыгьажьуп. Ирыцхәыркуп IX ашәышықәса аҩбатәи ахәҭа. Аҭоурых-архитектуратә ахцәажәара Бзыԥтәи аныхабаа ауахәама аџьар-аҟәырӷ «Ианҩылоу аџьар» типуп, хԥа илгәыгәу аԥсидақәа рыла, аамҭаркуп IX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа. Уи аҭыӡқәа ҟаҵоуп ахаҳә цәы ала, ашәи-аԥенџьыри аҭаргылақәа рыла ирԥшӡуп. Абаа амрагыларала уибоит даҽакы, еиҳа ижәытәу абаа аргылара. Бзыԥтәи абаа ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоуп. Абаа хыхьтәи ахәҭа аҟны ауахәама ыҟан, ҵаҟатәи ахәҭа ашҭа аҟны ажәытә мҩа. Абаа иашәаҳауан Бзыԥтәи аҩхааи, аӡиас ахь анеиреи. Аныхабаа аанда ибзианы иҟаҵаз акьырхаҳәтә аԥшьырцақәа рыла икәыршан, уи иаласоуп аԥшьарқәцақәеи, афорсирра иаҿагылои, аҩналарҭеи рыла. Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа Уажәы азы ауахәамагьы абаагьы рҭагылазаашьа даараӡа иҽеим. Ауахәама зегьы абгара иаҿуп, хымԥада иаарласны аконсервациа азура аҭахуп. Бзыԥтәи абаа ианашьоуп Қырҭтәыла акультуратә ҭынха абаҟа астатус. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Азгәаҭақәа Аԥсны ауахәамақәа
398
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D0%B0%D0%B3%D1%80%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D1%83%D0%B0%D1%85%D3%99%D0%B0%D0%BC%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Гагратәи ауахәама () — Аԥсны ақалақь Гагра ауахәама. 2006 шықәса Абҵарамза 7, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Гагратәи ауахәама амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан. Аҭоурых-архитектуратә ахцәажәара Ауахәама VI ашәышықәса иаҵанакәеит. Уи х-нефтк змоу абазилика ауп. Ауахәама имҽыӷны иҿыцәаау аблокқәа рыла иргылоуп. Анышь хада мрагыларахьтә аҩналарҭа амоуп, аладатәи анышь – аноураалатәи аҭӡамц аҟынтә аҩналарҭа амоуп. Аладатәи анышь ауахәама хада иадҳәалоуп ашә хәыҷқәа ҩба рыла. Ашәқәа руакы ала аҩадатәи азал ашҟа ҳнеиуеит, уи мрҭашәаратә аҭӡамц аҿгьы аҩналарҭа амоуп. Ауахәама хада ашҟа алашара иҩналоит аладатәи аҭӡамци, мраҭашәаратәи аҭӡамци, аныҳәарҭеи рҿы иҟоу х-ԥенџьырк рыла. Ауахәама иҩычоуп мраҭашәаратә ашә атимпани аԥенџьыр авареи иҭыху “Болнистәи аџьар” мацарала. Ажәытә Гагратәи ауахәама VI-IX ашәышықәсақәа ирыҵанакәа, Мрагыларатә Қырҭтәыла лассы-лассы иуԥыло абазиликақәа иреиԥшуп. Уажәтәи аҭагылазаашьа Гагратәи абазилика Қырҭтәыла акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьоуп. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში,თბ.,2015 Азгәаҭақәа Аԥсны ауахәамақәа
399
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D1%8B%D1%85%D0%BD%D1%8B%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D1%83%D0%B0%D1%85%D3%99%D0%B0%D0%BC%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Лыхнытәи́ аны́хабаа, Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара ахьӡала Лыхны иҟоу ауахәама () — Аԥсны архитектруратә баҟа, аҟәырӷтә уахәамоуп, игылоуп Лыхны ақыҭан. 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ауахәама анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамуа акультуратә баҟа акатегориа. Лыхнытәи ауахәама X ашәышықәса иаҵанакәа аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Лыхны ақыҭа агәҭаны игылоуп. Ауахәама иргылоуп ибзиан ицәу ԥшькәакьҭақәа рыла. Усҟак идуум аҟәырӷ хаз-хазы игылоу 4 шьаҟак ирықәгылоуп. Мраҭашәаратә ахәҭаҿы иҟоуп хыхьтәи агаллереиа. Афасадқәа мариоуп, усҟак идуум аԥенџьырқәа амоуп. Мрагыларатә аҭӡамц иаԥыҳәҳәоит 3 апсидак. Лыхнытәи ауахәама аҭоурыхтә хыҵхырҭа хадас иԥхьаӡоуп уи архитектуреи аҭӡынҵақәеи. Лыхнытәи ауахәамаҿы иаанханы иҟоуп X-XI ашәышықәсақәеи, иара уабс, XIV ашәышықәсеи ирыҵанакәа аҭӡынҵақәа рышьҭақәа. Дара аколорити, еиҵыху афигурақәа рдинамикареи, аекспрессиеи рыла иалкаауп. Лыхнытәи ауахәама ажәытәрақәа раԥхьаӡа акәны дрыхцәажәеит еицырдыруа афранцыз қарҭвелолог Мари Броссе. Иара ауахәама аҭӡамцқәа рҟынтә ақырҭуа адҩыларақәак хиҩаалеит, урҭ иреиун 1066 шықәсазы Геллеи икомета ацәырҵра иазкыз адыррагьы, ари атәы иануп Киевтәи аҳра ашықәсҩыреи китаитәи ахроникеи рҿгьы. Мари Броссе игәаанагарала, ажәақәа „Аҳ Баграт Гьаргь иԥа индиктион ლჱ (38)“, аадырԥшуеит Баграт IV-тәи иаҳра аҟынтә 38-тәи ашықәс, избанзар ажәа индиктион иара убас ахархәара аман аҳцәа рнапхгара аамҭа аарԥшразы. Убри иашьашәаланы, Аҳ Баграт аҳра иуан 1027 шықәсазы, уи аҟынтә 38тәи ашықәсны иҟан 1065 шықәса. Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьранӡа Лыхнытәи ауахәамаҿы иҟан 17 раҟара ақырҭуа аҭыӡсахьатә адҩылақәеи, абиблиатә сиужетқәеи, ацқьацәа рсахьақәеи ақырҭуа – бырзентә аилыркааратә адҩылақәа рыла. Арҭ адҩылақәа рҿы еиду Қырҭтәыла аҳцәа: Баграт IV-тәи, Гьаргь III-тәи, адоуҳатә хаҿқәеи рыӡбахәы ҳәан. Лыхнытәи ауахәама адҩылақәа рҿы зыӡбахәы ҳәоу аҳ Баграт Гьаргь иԥа - Баграт IV (1027-1072 шш.) иоуп. Адҩылаҿы акамета ацәырҵра иџьоушьаратәы убас ииашаны аарԥшуп. Ари ахҭыс арбоуп еиуеиԥшым 3 рыцхәркрак рыла (ашара инаркны, аиндиктион ала, ахороникон ала), насгьы, амзақәагьы амшқәагьы арбоуп. М. Броссе ишазгәеиҭаз ала, 1066 шықәсазы Қьырса дыбзахеит мшаԥы 16 рзы, бзоба аныҳәа – мшаԥы 9 рзы. Убри аҟынтә, акомета цәырҵит мшаԥы 9-еи 16-и рыбжьара. 1066 шықәсазы Галлеи икомета ацәырҵра иазку адыррақәа иҟоуп Киевтәи аҳра ашықәсҩыреи китаитәи ахроникеи рҿгьы. Ацәыршәага ҿаасҭа асахьала акомета аалырԥшит Нормандиа акралԥҳәыс Матильда Фландриер, лара илԥаз ауарҳал акәакьаҿы иқәылҵаз асахьаҿы. Уажәтәи аҭагылазаашьа Лыхнытәи ауахәама Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус анашьоуп. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Азгәаҭақәа Аԥсны ауахәамақәа
400
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B0%D0%BC%D0%B0%D0%BD%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D1%83%D0%B0%D1%85%D3%99%D0%B0%D0%BC%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Камантәи ауахәама — Аԥсны ақыҭа Каман азааигәара. Аханатә Камантәи ауахәама ирыцхәыркуп XI ашәышықәсазы. Ауахуама аҭоурых иадҳәалоуп аԥсыцгьа Иоанн Ахьтәыԥыц ихьыӡ, иҟоу адыррала, Иоан Канстантинополь аҟнытә, амшын Еиқәа аҿықә ала даагоуп. Версиак ала уаҟа анышә дамоуп. Камантәи ауахәама ианашьоуп қырҭтәыла амилаҭтәи акультуратә аҭынхара абаҟа астатус. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Аԥсны ауахәамақәа
401
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B4%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%BB%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ҵабалтәи абаа () — Қырҭтәыла, Аԥсны автономтә республика, Гәылрыԥшь амуниципалитет, ақыҭа Ҵабал. Акомплекс иалоуп абаашқәа, ауахәамақәа, аргыларақәа, ахьчаратә аргыларақәа, абаагәара иаарԥшуп Византиатәи аҭоурыхҭҵааҩы Пракофи Кесариатәи ианҵамҭақәа рҟны, VI ашәышықәса зы. Ҵабалтәи абаа, абырзен хыҵхырҭақәа рыла абжьарашәышықәсақәатәи Қырҭтәыла ахадара ду змаз афорттә ргылара акәын. VI ашәышықәсаз Византиатә аҭоурыхҭҵааҩы Прокофиа Кесариел идыррақәа рыла, Ҵаибелиум иҟан, ибзианы еибыҭаз абаа-арӷәӷәарҭа акәын, уи лазаа (амраҭашәаратә ақырҭуа ажәлар) аҳра ахьчаратә системаҿ ахадара ду змаз ароль нанагӡон. абаа-арӷәӷәарҭа арбгарақәа иахьагьы иаанханы иҟоуп: аԥыԥшырҭатә ҳәышәҭқәа, ауахәаматә ргыларақәа, абааш аргыларақәа иара убас еиуеиԥшым ахыхьчаратә ргыларақәа. Иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭаз Ҵабалтәи абаатәи ауахәамақәа акы аҭҵаара аан иԥшаан аҭӡысахьақәеи, аҭыхрақәа рыхәҭеи. 2019 шықәса рашәараз аргылара акультуратә ҭынха баҟа астатус анашьан Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში, თბ., 2015 Азгәаҭақәа Аԥсны абаақәа
402
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%86%D2%9B%D1%8C%D0%B0%20%D0%A1%D0%B8%D0%BC%D0%BE%D0%BD%20%D0%9A%D0%BD%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B8%D1%85%D1%8C%D1%8B%D3%A1%20%D0%B7%D1%85%D1%83%20%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%B0%D1%88
wikipedia
wikipedia
ab
Ацқьа Симон Кнтәи ихьыӡ зху абааш — Қырҭтәыла, Аԥснытәи автономтә республика, Гәдоуҭатәи амуниципалитет, аҳабла Афон-Ҿыц, Ивертәи ашьха. Аханатә аргылара иаҵанакуеит VII-VIII ашәышықәса. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Аԥсны ауахәамақәа
403
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D1%8B%D2%9B%D3%99%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D4%A5%D1%88%D1%8C%D1%8B%D1%85%D1%8B%D0%BA
wikipedia
wikipedia
ab
Мықәтәи ԥшьыхык, Мықәтәи Евангелие (ажәабжь бзиа) — абжьарашәышықәсатәи напылаҩыра, ихҩаалоуп 1300-шықәсазы Аԥсны, Анцәа иан лыхьыӡ зху Мықәтәи ауахәамаҿы. Мықәтәи Ажәабжь ҽбзиа еицдыруп, ақырҭуа ибеиоу ақьабзтә орнаментқәеи, аминиатиурақәеи рыла. Атекст иҩуп ақәырҭуа аҩыра “нусхур” ала. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Ақырҭуа анапылаҩырақәа
404
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%B8%D1%86%D1%83%D0%BD%D0%B4%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D4%A5%D1%88%D1%8C%D1%85%D1%8B%D0%BA%20%D0%BC%D0%B0%20%D0%95%D0%B2%D0%B0%D0%BD%D0%B3%D0%B5%D0%BB%D0%B8%D0%B5
wikipedia
wikipedia
ab
Пицундатәи ԥшьхык ма Евангелие — XII ашәышықәсазы Ақырҭуа напылаҩыроуп,ихҩаалоуп қырҭтәыла амраҭашәара аҟны. Анаҩс уи Пиҵундатәи Анцәадзыхшаз лыхьыӡ зху ауахуама ианашьан,убрантә иаауеит уи ахьыӡгьы. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Ақырҭуа анапылаҩырақәа
405
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B5%D0%B4%D0%B8%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%B3%D3%99%D1%83%D0%BB%D0%B0%D0%BD
wikipedia
wikipedia
ab
Бедиатәи агәулан () — XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа анапылаҩыроуп. Ианҵоуп ақьаад, нусхур аҩырала, ҩ ҽшьаҟакла, иԥшӡоу анапҩырала. Аҷышә еиқәаҵәала, ахқәа алкаауп Сингәурла. Ихҩаалоуп бедиатәи амитрополит Гермиан Чхетиӡе иҿаҵара ала. Анапылаҩыра аиқәыршәара иалахәын даӡәымкәа акаллиграфцәа: Амброси Каргареҭели, Симон Евфратели, Саба Наҷоԥиӡе. Агулан - алитургиатә шәҟәқәа реизга ауп, уи иалоуп шықәсык аҩнуҵҟала изыԥхьаша алитургиатә шәҟәқәа. Анапылаҩыра XVIII ашәышықәсазгьы Бедиатәи ауахәамаҿ ишьҭан, ари афакт шаҳаҭра азыруеит зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иаҵанакәа адҩылақәеи Бедиатәи Анцәадзыхшаз лахь аныҳәаԥхьыӡқәеи. Бедиатәи амитрополит Герман идагьы, анапылаҩыра адҩылақәа рҿы избахәы ҳәоуп бедиатәи аепископ Николоз Мхеиӡегьы. Герман иҿаҵара ала еиқәыршәаз анапылаҩыра хыркәшоуп Николоз Мхеиӡе иколофон ала, убри алагьы лабҿба иубарҭоуп Николоз Мхеиӡе Герман иаамышьҭахь иҟаз амитрополит шиакәыз. Анапылаҩыра алагамҭеи анҵәамҭеи агуп; 960 даҟьа амоуп; анапылаҩыра иҩуп ақьаад аҿы, ҩ-еиҵагылак рыла, нусхури аҩырала, амарқьаф еиқәа ала, ахқәа иҩуп аԥштәы ҟаԥшь ала. Ҩ-шәҟәыкны ишьақәгылоуп. аминиатиура ашәара 45,5 см. X 33,5 см.. Бедиатәи агулан Корнели Кекелиӡе ихьӡ зху Қырҭтәыла анапылаҩырақәа рмилаҭтә центр аҿы ишьҭоуп. Бедиатәи агәулан амилаҭтә ацентр аҟны ишьҭоуп. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში, თბ., 2015 ქართულ ხელნაწერთა აღწერილობა, ყოფილი საეკლესიო მუზეუმის (A) კოლექციისა, ტ. I, ნაკვ. 2. თბ. 1976. კეკელიძე კ., ძველი ქართული ლიტერატურის ისტორია, ტ. I, თბ. 1980 Жордания Т., Описание рукописей и старопечатных книг Церковного Музея духовенства Грузинской епархий. Т. I, Тф., 1903. მენაბდე ლ., ძველი ქართული მწერლობის კერები, ტ. I, ნაკვ. II, თბ., 1962. არახამია გ., აფხაზეთის ხელნაწერები, კრ: საქართველოს კულტურული მემკვიდრეობა ოკუპირებულ ტერიტორიებზე, აფხაზეთი, თბ., 2012. ქართველიშვილი თ., აფხაზეთის ხელნაწერი მემკკვიდრეობა, კრ. გივი წულაია - 80; თბ. 2014. Ақырҭуа анапылаҩырақәа Бедиатәи аберҭыԥ
406
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B5%D0%B4%D0%B8%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D2%BF%D0%B0%20%D0%BC%D0%B0%20%D0%91%D0%B5%D0%B4%D0%B8%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D1%85%D1%8C%D1%82%D3%99%D0%B0%D2%BF%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Бедиатәи аҿа ма Бедиатәи ахьтәаҿа – Ақырҭуа ахьычаԥара абаҟа ауп,ахьтәаҿа ихагьыжьуп,иреиӷьӡоу хьыла иҟаҵоуп (агылара 12,5 см. акурша 14см,ашьапы аанымхаӡеит) иҟаҵоуп X-XI ашәышықәсақәа рыбжьара. Аҿа хыхьтәи ахәҭа аҟны цәаҳәак аҩыра ануп мҭаврули анбан ала. Аԥсны Аҳ Баграти уи иан Гәурандухти ҿыц еиҭадыргылаз Бедиатәи ауахәама аҿа анаршьеит. Бедиатәи ичаԥоу ахьтәаҿа шьҭоуп қырҭтәыла аҳәынҭқарратәи амилаҭтәи амузееи аҟны. Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. Қырҭтәыла аҟазара Аԥсны
407
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B4%D0%B0%D1%80%D1%87%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%B0%D1%88
wikipedia
wikipedia
ab
Ҵарчатәи абааш – Аԥсны, Гал амуниципалитет, ақыҭа Ҵарча. Аҟәшақәа рхыԥхьаӡара: Аҭоурыхтә ҽ архитектуратә ахҳәаа Уажәтәи аҭагылазаашьа Алитература Азгәаҭақәа Аҭоурыхтәҽ архитектура ахцәажәара (аредакторра, иахьынтәаагоу). Ҵарча ақыҭа ашьха ашаьпаҿы игылан абаа, уи аҭӡамцқәа зегьы рбгоуп. Абаа ахыб акәырша ашьха иаларсоуп, убри иахҟьаны абааш ауснагӡара ииашам аиҿкаашьа амоуп. Аҭҵаарала Аладатәи аган абаагәара ахыб абахәа ацәаҳәа иацнаган, убри иахҟьаны ашьаҭа џьараҽ џьара еидыҵит, еилаҳаит. Убас иҟоуп амрагыларахьтәи агангьы. Акызаҵәык, иаанханы иҟоу ҟҽҩ метр иҟоу аҩадатәи архәа ауп. Агәҭа иамоуп иҭшәоу ахаҳә мардуан, уи унанагоит абаагәара ақәцә иамоу аибашьратә аҭыԥ ахь изго амҩахусҭа ахь. Ҩ-метрак ажәпара змоу аҭӡы аҟны абаахьчаҩцәа ҩыџьа еивысыратә аҭыԥ аман. Абаа аҩ-ганк анҵәамҭақәа ишьақәҟьоуп, убри аҟнытә аханатәтәи асахьа еилкаам. Амрагыларатәи аҵыхәа аҟны аҵәахырҭа еиԥшу ргыларак шыҟаз удыруеит. Аха, абаа гылазу ма даҽа ргыларак ыҟазу адырра атәы уадҩуп. Абааш амраҭашәаратәи аган аҟны аилабгара ахәҭақәа рацәаны иаанханы иҟоуп, аха арбгара иахҟьаны уи асахьа иазку адырра аилкаара уадаҩуп. Абаа ақәцә аҟны 6-7 мерт аҳракыра змоу арбгара ацәынхақәа рацәоуп. Иахагылоуп аицарсра аԥшра змоу аҟәарч. Уажәтәи аамҭазы ҵаҟатәи ахәҭа иаанханы иҟоуп, даҽа хәҭак иаанханы иҟоу уи аӡҭарчы ауп. Уи ашҭа аладахьтәи амрагыларатә аган аҟны ишьҭоуп, уи ҭырҭәаауп. Аҭыӡқәа бзианы ишьыхуп. Абааш ааха ду амоуп аха иацәаанхаз рыла иубоит уи ижәытәӡатәу абаашқәа ишыруаку. Ажәытәӡатәи абаашқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Уажәтәи аҭагылазаашьа (аредакторра, аредакторра ахыҵхырҭа). Алитература „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015. қырҭтәыла аҭԥҟара аҵакыра дгьылқәа рымпыҵахалара иазкны ирыдыркылеит 2008 ш. Жьҭаара 23. Аԥсны абаашқәа
408
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D0%B0%D1%80
wikipedia
wikipedia
ab
Аԥсар - Аԥсны Аҳәынҭқарратә ԥара. Аԥсны агәаларшәагатә инвестициатә монетақәа «Аԥсны иналукааша ауаа» рсериа «1992-1993 шш. рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра» рсериа «Аԥсны аҭоурыхтә баҟақәа» рсериа «Аԥсны ақалақьқәа» рсериа «Аспорт» рсериа «Аԥсны инвестициатә монетақәа» рсериа Аԥсны монетақәа
409
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%B0%D0%BF%D0%BE%D0%BB%D0%B5%D0%BE%D0%BD%20%D0%91%D0%BE%D0%BD%D0%B0%D0%BF%D0%B0%D1%80%D1%82
wikipedia
wikipedia
ab
Наполеон I. Бонапарт (, , , Аиаччо, Корсика — , Лонгвуд, Ацқьа Елена лыдгьылбжьаха) — Франциа аимператор. Диит 1769 шықәса нанҳәамза 15 рзы Корсика адгьылбжьахаҿы. Франциа, иеиԥш зеиԥшыз афырхаҵа дмаҷын. Уи иҭаацәа арахь Италиантәи 16-тәи ашәышықәсазы иааит. Иара ихьӡҵәҟьа Наполеоне акәын, милаҭла – корсикатәи италианецын. Иара иаб ддукатын, афранцызцәа ирҿагылаз дрыдгылан. Наполеон аррнапхгаҩ дуны, револиуционерны иҟалара амзызқәа ируакзар ҟалоит арадикалтә ҟазшьа змаз аҭаацәа рҿы иахьизҳауаз. Наполеон 9-шықәса анихыҵуаз, иаб Бринеҟа дишьҭуеит Париж иҟаз франциатәи арратә еиҳабыратә школ ахь. Уаҟоуп арратә ҵара ахьиоузгьы. Иара артиллеристи офицер ҵареи дҭан. Иҵара даналга, 16 шықәса шихыҵуаз афранцызцәа рыр далалеит. Наполеон 1792 шықәсазы идырҵеит Париж аусура. Афранцыз монархиа анахырҳәа ашьҭахь лаҵарамза 1792 шықәсазы, акапитан ихьӡ аҟынӡа дхагалан. 1793 шықәсазы артиллериа дәықәиҵеит амацәыз иҭакыз Тулуз агаразы. Хара имгакәа, Тулуз анкаҳа, Наполеон абригадатә еинралры аҟынӡа дхагалан. Уи Италиа афранцызцәа рыр анапхгаҩы даҭан, австриатәи аинралцәагьы аӡәырҩы дыриааит. 1779 шықәсазы Адиректориа захьӡыз франциатәи аиҳабыра хырбгаланы х-консулк рыла ишьақәгылаз аиҳабыра ҿыц аԥиҵеит, уа иара консул хаданы дыҟан. Убри аамҭазы дарбан францыззаалак Наполеон бзиа дибон, дизгәдуун; имчхарагьы ӷәӷәхеит. 1802 шықәсазы Франциеи, Англиеи, Германиеи аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Наполеон Франциа Ауниверситет еиҭашьақәиргылеит, Франциа Абанк аԥиҵеит. Иара убас иаԥиҵеит Наполоеон икодекс: раԥхьатәи иаазыркьаҿу афранцыз закәан аилыркаа. Наполоеон икодекс дунеи зегьы аҿы аиуристтә система аԥҵаразы шьаҭас иаиуит. Хара имгакәа уи аиҳабыра иԥсахын Франциа аимператорс ихьӡ рылаиҳәеит. Австриа аимператор Мари Луиза ԥҳәысс дигеит. Аԥа диоуит. Шьҭа аимпериа ду дахагылан, 42 миллионҩыуаак напхгара риҭон. Абри ашьҭахь Урыстәыла агара иҽазикын, иимпериа хыбгало иалагеит. 1814 шықәса апрель мза 6рзы Наполеон дахҳәаны Ельба адгьылбжьахалахь дахыган. Шықәсык аҟара ҵхьан еиԥш, 1000-ҩык раҟара ар еизиган париж далалеит еиҭа амчра инапахьы ааигарц азы. Аамҭа кьаҿк мчраҟны дыҟан, ашьҭахь англызқәа иҽриҭеит. Алада Атлантика иҟоу Ацқьа Елена лыдгьылбжьахалахь дахцан, иԥсҭазаара далҵаанӡа 1821 шықәса лаҵарамза 5 рзынӡа ара дыҟан. Изларҳәо ала, акьыба чымазара дагеит, аха ахәшә ирҭеит ҳәа зҳәогьы ыҟоуп. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Франциа аимператорцәа Франциатәи аруаа Адиктаторцәа 1769 шықәсазы ииз Нанҳәамза 15 рзы ииз 1821 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 5 рзы иԥсыз
410
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D0%A3%D0%9D%D0%95%D0%A1%D0%9A%D0%9E
wikipedia
wikipedia
ab
ИУНЕСКО ( — United Nations Educational, Scientific and Cultural Organization) — аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаароуп – иаԥҵан абҵара 16, 1945 шықәсазы. Иахьа ИУНЕСКО иҿыцу аидеиақәеи астандартқәеи рцәыргара зылшо акакәны иҟоуп. Урҭ ауаатәҩса рҿаԥхьа иқәгыло аетика ҟазшьа змоу апрболемақәа рҭышәныртәалара, рҳәаақәҵара иазку жәларбжьаратәи анормативтә документқәа шьаҭас ирыҭахоит. ИУНЕСКО иара убас аинформациқәеи адыррақәеи реимдареи рыларҵәареи иазку центрны иҟоуп, убри алагьы ари аиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа руаажәларрақәа рылшарақәа иеиуеиԥшым аҟәшақәа рыҟны рыҿиара иацхраауеит. Иааизакны, ИУНЕСКО аус зуа 191 иара убас ассоциациатә ҳәынҭқаррақәа 6 рыбжьара – аҵараиуреи, акультуреи, акоммуникациеи рысфераҟны жәларбжьаратәи аусеицура иацхраауеит. ИУНЕСКО ииашаны, мцҳәарада, хра злоу ауаатәҩсатә ҟазшьақәеи иарбан цивилизациа - заалакгьы, иарбан культуразаалакгьы ҳаҭыр ақәҵареи шьаҭас измоу жәларбжьаратәи аигәныҩразы аҭагылазаашьа аԥҵара иазку. ИУНЕСКО ари ароль иахьа ҷыдала аҵакы дуӡӡа амоуп атерроризм ауаҩытәҩса ашәарҭара анрызцәырнаго аамҭазы. Адунеи аԥхьаҟа иҭышәынтәаланы аҿиаразы, ауаҩы изинқәеи ирықәныҟәаны, ҳаҭырла ауааи ажәларқәеи реизыҟазаашьеи, аӷарра аҿагылареи шьаҭас измоу аглобалтә знеишьа аҭахуп. Абарҭ ахырхарҭақәа роуп ИУНЕСКО хықәкыс иамоу, уи аусурагьы ҵакыс иаҵоу. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аҵараиурҭақәа Адунеижәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Париж 1945 шықәсазы ицәырҵит
411
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D0%B8%D0%BD%D1%88%D1%82%D0%B5%D0%B8%D0%BD%2C%20%D0%90%D0%BB%D0%B1%D0%B5%D1%80%D1%82
wikipedia
wikipedia
ab
Алберт Еинштеин (; , Ульм, Германиатәи аимпериа — , Принстон, Ниу-Джерси, ЕАА) — агерман физик аҭоурых аҿы ахәыцҩы дуқәа дыруаӡәкны дрыԥхьаӡоит. Абиографиа Диит иара Ульм, Германиа хәажәкырамза 1879 шықәсазы, иқәыԥшра зегьы Миунхен ихигеит. Ара иҭаацәа дәқьан хәыҷык рыман. Миунхен ашкол ахь дныҟәон, уи зыхгара цәгьаз гәҿыӷьран иара изы. 12 шықәса анихыҵуаз ихала Евклидов игеометриа иҵеит. Ашьҭахь иҭаацәа Италиа Миланҟа нхара имцар амуит, уа нас, 15 шықәса дшырҭагылаз ашкол дҭыҵырц иӡбеит. Уи еиликаауазар ҟаларын азеиԥшдырратә школ ишалгатәыз. Аха, даҽаганкахьалагьы, иурокқәа рыбжьажьра дшаҿыц даҿын физи ка ихала иҽазыҟаиҵарларц азы. 22-шықәса дырҭагылан Швеицариа датәылауаҩханы даныҟала, 1903 шықәсазы уи ԥҳәысс дигеит Милеве Марек. Хара имгака ҩыџьа аԥацәа ихылҵуеит, аха 1919 шықәса азы иԥҳәыс длылҵуеит, иаб иашьа иԥҳа ԥҳәысс дигарцаз азы. 26 шықәса анхыҵуаз ихадоу иҭҵаарадырратә усумҭақәа хәба икьыԥхьуеит. Раԥхьатәи иусумҭа Броун иныҟәара, иеиҭаҵра иазкуп, уи 1905 шықәсазы адоктортә ҩаӡара изҭаз усумҭоуп. Аҩбатәи аусумҭа афотон мамзаргьы алашара акванттә теориа шьаҭас иауит. Алашара амчхара хаз-хазы иҟоу ахәҭаҷқәа рыла ишьақәгылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, урҭ аквантқәа ма, афотонқәа ҳәа ирышьҭоуп. Еинштеин иусумҭа алашара атеориа даҽакала иазнеиуеит. Ателехәаԥшра – ари Енштеин иаартроуп, уи аԥсҭазаараҿы ахархәароуп. 1921 ш. азы Енштеин Нобель ипремиа ианашьоуп афизика иазкыз аусумҭазы. 1933 шықәсазы Уи Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь диасуеит, ара 1940 шықәсазы атәылауаҩрагьы иоуит. Еинштеин иԥсҭазаара далҵит 1955 шықәса мшаԥымза 18 рзы Принстон, Ниу-Джерси аштат аҿы. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Германиатәи аҵарауаа Ауриа аҵарауаа Германиатәи аҿыцхәыцҩцәа Ауриа аҿыцхәыцҩцәа Германиатәи Ауриацәа 1879 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 14 рзы ииз 1955 шықәсазы иԥсыз Мшаԥымза 18 рзы иԥсыз
412
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%BC%D0%B8%D1%82%D1%80%D0%B8%20%D0%9C%D0%B5%D0%BD%D0%B4%D0%B5%D0%BB%D0%B5%D0%B5%D0%B2
wikipedia
wikipedia
ab
Дмитри Менделеев (; ажьырныҳәа 27, 1834 — жәабран 2, 1907) — 1869 ш. азы аурыс ҵарауаҩ Дмитрии Менделеев ахимиатә аелементқәа Рпериодикатә (реишьҭагыларатә) таблица шааиртыз рылеиҳәеит. Абас ала, анаука аԥсабара амаӡақәа раартраз ацаԥха аиуит. Уи нахыс химеи физикеи рҿы иҟаҵоу аартра дуқәа зегьы ари азакәан шьаҭас ирыман. Менделеев ипериодикатә таблица аелементқәа дара-дара еишьҭагылоуп урҭ ратомтә капан инақәыршәаны. Урҭ апериодқәеи агәыԥқәеи рыла еихшаны иеидкылоуп. Менделеев иҟаиҵаз аартра аҵарауаа ирылнаршеит Апериодикатә таблицаҿы иҭацәны иааныжьыз аҭыԥқәа хазырҭәааз 38 иҿыцу ахимиатә елементқәа раартра. Иара убри аангьы урҭ ирылшеит Апериодикатә таблицаҟны иҟаз аҵыхәтәантәи аелемент аасҭа еиҳа ихьанҭаз аелемент аԥшаара. 1955 шықәсазы америкатәи аҵарауаҩ Грени Сиберд иоуит (иԥшааит) аелемент 101-тәи аномер, Мендилеевиум ахьӡиҵеит, Апериодикатә Закәан аԥызҵаз ихьӡ аҳаҭыр ала. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Урыстәылатәи аҵарауаа
413
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%BE%D0%B1%D0%B5%D0%BB%D1%8C%2C%20%D0%90%D0%BB%D1%8C%D1%84%D1%80%D0%B5%D0%B4
wikipedia
wikipedia
ab
Альфред Бернард Нобель (; , Стокгольм, Швециа — , Сан-Ремо, Италиа) — Ашвед аԥҵаҩын, филантропын, даара зҟазшьа уадаҩыз уаҩын. Иара абанкрот диԥан, аха дмиллионерхеит; Иара – алитература бзиа избоз ҵарауаҩын. Уи аԥара рацәаны ирҳаит, аха зегь реиԥш дынхон. Иара даара дуаҩылахҿыхын ауаа рҿы, аха ихи иареи анеизынхоз илахь еиқәын. Ауаа бзиа ибон, аха ахаан иара бзиа дызбоз ԥҳәысгьы димамызт, ҭаацәарагь имамызт; дпатриотын, аха атәым дгьылаҿ. Уи иааиртит артҟәацга хкы ҿыц, адинамит, ашьха ҭыԥқәа рҿы арацәа-ыҵыхра ааглыхра аиӷьтәразы, аха иара иаԥиҵаз аибашьыга бџьар аҟаҵаразы рхы ишадырхәоз ибеит. Иусумҭақәа ирыбзоураны адунеи зегь дшеицырдыруазгьы, иара дыздыруаз маҷын, избанзар иԥсы ҭанаҵы ихьӡ-иԥша иҽацәиҵәахуан. “Хьӡы – ԥшак сырҳазшәа сгәы иаанагоит, аха уи ахьӡ- аԥша бзиарак адызбалом», – иҳәеит уи зны ихазы. Аха, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ихьӡ даҽа џьоукы ахьӡ -аԥша рзаанаго иалагеит. Иара Стокгольм диит октиабр 21, 1883 шықәсазы. Ашколгьы дҭамызт, ауниверситетгьы, аха ихала аҵара иҵон азы 20 шықәса анихыҵуаз профессионалтә химикын, лигвист дуун – ашвед бызшәа, аурыс, анемец, афранцыз, англыз бызшәақәа рыла дцәажәон. Иара инаукатә ԥҵамҭақәа ахархәара шроуз ибар иҭахын, 80 компаниа инареиҳаны иргылеит 20 тәыла рыҟны. Аха аихьӡарақәа изҭоз аҵарауаҩ иҟазшьа аҷыдарақәеи хара ихәыцуаз анаплакҩи иҟазшьаҷыдарақәа реилагӡара ахьилшаз ауп. Аха, Нобель зегь раасҭа аԥареи иҭҵаарадырратә аартрақәеи ракәӡамызт игәы иҵхоз. Иара есымша аԥсҭазаара аҵакы дашьҭан, данқәыԥшыз аахыс али - тературеи, афилософиеи дрызҿлымҳан. Иара есқьынгьы аӷарцәа рыцҳаишьон. Аха зегь раасҭа ииҭахыз адунеиаҿ аибашьрақәа рҵыхәа аԥҵәаракәын. Абри аус адиулон аамҭагьы аԥарагьы мшаҭо 1896 шықәсазы Италиа иԥсҭазаара далҵаанӡа. Зегь еицырдыруа иуасиаҭ аҿы иара иҭынхаз аԥара аанижьит афизика, ахимиа, аԥсихологиа, амедицина, алитература, аҭынчра азықәԥараҿ аихьӡарақәа аазырԥшыз ауаа премианы ирыҭазарц. Уи иаргьы иара иидеиақәагьы рзы баҟаҵас инхеит. Абас дыргәалашәоит адунеи иқәлара гханы изыԥхьаӡоз ауаҩы иԥсҭазаара даналҵ кыршықәсақәа рышьҭахьгьы. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Швециатәи аҵарауаа Швециатәи аҿыцхәыцҩцәа Абизнесменцәа 1833 шықәсазы ииз Жьҭаарамза 21 рзы ииз 1896 шықәсазы иԥсыз Ԥхынҷкәынмза 10 рзы иԥсыз
414
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B5%D0%BD%D0%BD%D0%BE%D0%BD%2C%20%D0%8F%D1%8C%D0%BE%D0%BD
wikipedia
wikipedia
ab
Џьон Уинстон Оно Леннон (; , Ливерпуль, Британиа Ду — , Ниу-Иорк, ЕАА) — еицырдыруа Британиатәи арок-гәыԥ «Битлз» ашәаҳәаҩ дкомпозиторын, дпоетын, дгитаристын. Иара убас иара ирҿиаратә кариераҿ солотә музыкантын, политикатә активистын, артистын, актиорын, авторын. Уи акомпозиторцәа Џьони – Маккартни рдует џьашьахәы иалазаара иабзоураны арок музыка аҿиара анырра ӷәӷәа аиҭеит. Аҭоурыхаҿ Леннон иашәақәа Imagine и Strawberry Fields Forever лассы-ласс апоп-музыка аҭоурых аҿы иреиӷьу ашәақәоуп ҳәа азырҳәоит. 2002 ш. азы британиатәи ателерадиоеилахәыла Би-Би-Си азҵаанҵа мҩаԥнагеит аҭоурыха зегьы аҿы британиаа рахьтә шәҩык зегьы иреиҳаӡоу, зегь иеицырдыруа ауаа еилыркаарц азы. Британиа ауаажәларра Леннон аабатәи аҭыԥ аҿы ддыргылеит. Леннон 1940 шықәса актиабр 9 рзы Ливерпуль ақалақь аҿы диит. Иҭаацәа рҩыџьагь амузыкатә ҵара рыман. Урҭ анеилыҵ ашьҭахь, ихәыҷреи иарԥысреи иан лаҳәшьеи лхаҵеи рҿы ихигеит. Џьон Леннон Ливерпультә аҟазаратә коллеџь аҿы дрыдыркылт. Уа аҵара игәаԥхомызт азы, аҵыхәтәан, иҵара аанижьуеит. Уи аҭыԥан Леннон амузыка ихы азикуеит, ҷыдала америкатәи рок-н-ролл, ашәаҳәаҩцәа Чак Бери, Бадди Хелли ирҭаз агәацԥыҳәарыла. Леннон рок-н-ролл агәыԥаҿ ахәмарра далагеит, анаҩс уи «Битлз» ҳәа ахьӡ ауит. Хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Леннон амузыкатә жанр рок-н-ролл аҿиараҿы инарҵауланы анырра аиҭеит, абасала ари амузыка ажанр аҳәаақәагьы ирҭбааит. ХХ ашәышықәсазы Леннон иколлега акомпозитор Маккартни днаидкыланы анырра ду ҟазҵаз акомпозиторцә, ашәаҳәаҩцәа амузыкантцәа ҳәа ирыԥхьаӡоит. 1970 шықәсазы Џьон Леннон «Битлз» далҵырц иӡбоит. Уи агәыԥ иалахәыз аԥшьҩык рахьтә Леннон зегь реиҳа ирацәаны амузыкатә альбомқәа ҭижьит. 1980 шықәса азы, Леннон, Чампен захьӡыз зхы еилаԥсаз афонат рыцҳарыла дҭаирхеит. Уи ашәаҳәаҩ хәынтә ахы игәидиҵеит. Хык имаахаӡеит, агьырҭ аԥшь-хык иаахеит ибӷахь, ижәҩахь. Хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы зны Леннон уԥсра шԥаҟалари, угәы ишԥаанагои ҳәа ианиазҵаа, уи иаалырҟьаны, “зхы еилаԥсоу аӡәы сишьыр ауеит” ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Усҟан ари хәмаршақә иҳәазаргьы ҟалон, ас ҟалоит Џьон Леннон дазыԥшӡамызт, аха иара шиҳәаз еиԥш ахлымӡаах агьыҟалаҵәҟьеит. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Азхьарԥшқәа JOHN LENNON Дискографиа Британиатәи ашәаҳәаҩцәа 1940 шықәсазы ииз Жьҭаарамза 9 рзы ииз 1980 шықәсазы иԥсыз Ԥхынҷкәынмза 8 рзы иԥсыз
415
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9A%D0%B5%D0%BC%D0%B1%D1%80%D0%B8%D1%9F%D1%8C%20%D0%B0%D1%83%D0%BD%D0%B8%D0%B2%D0%B5%D1%80%D1%81%D0%B8%D1%82%D0%B5%D1%82
wikipedia
wikipedia
ab
Кембриџь – Оксфорд анаҩс Британиа Ду иҟоу зегь раасҭа ижәытәтәу аҩбатәи университетуп, адунеи аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ аннакылоит, еиҳа иеицырдыруа ауниверситетқәа ируакуп. Ауниверситет аԥҵан 1209 шықәсазы, Кембриџь инхо оксфордтәи астудент ақалақь иаланхоз ԥҳәыск данишь ашьҭахь ақалақь иалҵыз аҵарауаа еидкыланы. Кембриџьтәи ауниверситет шьақәгылоуп 31 коллеџь рыла. Ақалақь аҿы инхо ауааԥсыра реиҳарак арҵаҩцәеи астудентцәеи роуп. Астудентцәа зегь аҵара анырҵо Кембриџь инхозароуп. Кембриџь амҩадуқәа рҿы иуԥылоит ииаҵәеиқәароу, мамзаргьы еиқәаҵәоу, амаҭәа зшәу аҿар маҷымкәа. Астудентцәеи аспирантцәеи рҵареи рыҭҵаарадырратәи усуреи ашколқәа (дара 6 ыҟоуп) рыҟны имҩаԥысуеит. Ашколқәа афакультетқәеи акафедрақәеи рыла ишьақәгылоуп. Кембриџьтәи ауниверситет аҟны арҵара мҩаԥысуеит 28 курс рыла. Арҭ акурсқәа ирыҵанакуеит абарҭ амаҭәарқәа: Англосаксаа, аскандинавцәа, акельтцәа (Norse and Celtic) Архитектура Азиеи, Мрагылара Ааигәеи Аклассика Аекономика Англыз бызшәа Агеографиа Аҭоурых Аҟазара аҭоурых Археологиа Абиологиатә антрополгиа Аполитикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи Асоциалтә антропологиа Асоциологиа Ақыҭанхамҩатә Економика Азин Алингвистика Аменеџьмент Иахьатәии абжьарашәышықәсазтәи абызшәақәа (афранцыз, анмец, аиталиа, аиспан, апортугалиа, аурыс бызшәақәа). Амузыка Афилософиа Атеологиеи адинҭҵаареи Ахимиатә нџьнырра Акомпиутертә ҭҵаарадыррақәа Анџьнырра Амашьынаԥҵара атехнологиа Аматематика Амедицина Астрофизика Абиохимиа Абиологиатәи абиомедицинатәи ҭҵаарадыррақәа Ахимиа Агенетика Агеологиа Аҭоурых Аматериалқәа рзы аҭҵаарадырра Анервҭҵаарадырра Апаталогиа Афармокологиа уҳәа уб.егь. Иахьа аколлеџьқәа хԥа аҳәсса рымацара рыдыркылоит. Егьырҭ 28 коллеџь – илаԥсоуп. Аколлеџьқәа ҩба аспирантцәа мацара ры - дыркылоит. Аколлеџьқәа 4 – еиҳарак астудентцәа еиҳабацәа ма аспирантцәа (21 ш. иреиҳау). Егьырҭ 25 коллеџь астудентцәа реиԥш аспирантцәагьы рыдыркылоит. Алитература «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Кембриџь ауниверситет Кембриџь Британиаду аиҳабыратә ҵараиурҭақәа 1209 шықәсазы ицәырҵит
416
https://ab.wikipedia.org/wiki/1%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
wikipedia
wikipedia
ab
1 — анатуралтә ахыԥхьаӡара акы. 1 (единица) — многозначный термин. «1» — альбом The Beatles, содержащий 27 синглов. «1» — дебютный альбом шведской певицы Сары Ларссон 2014 года. 1 (маршрут метро, Нью-Йорк) () — маршрут Нью-Йоркского метрополитена, проходящий в Бронксе и Манхэттене. Ахронологиа Ҳ. ҟ. 1 — последний год I века до н. э. 1 — первый год I века. Шәахә. иара убас Ҳ. ҟ. I ашәышақәса — последние 100 лет до нашей эры. I ашәышақәса — первые 100 лет нашей эры. Ҳ. ҟ. I азқьышықәса — последние 1000 лет до нашей эры. I азқьышықәса — первое тысячелетие по григорианскому календарю. № 1 (значения)
417
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D1%8B%D2%9B%D3%99%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D1%83%D0%B0%D1%85%D3%99%D0%B0%D0%BC%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Мықәтәи ауахәама — Аԥсны иҟоу акафедралтә уахәама Мықә ақыҭан, Очамчыратәи амуниципалитет аҿы, Аԥсны. Иргылан Аԥсны аҳ Леон III-тәи (957-967) ихаан. Ауахәама хнышьк аман, аха, анеҩс, аҟәырӷԥшра змоу уахәамас иҟарҵеит. Агәҭаны иҟоу (аныҳәарҭатә) апсида аҩнуҵҟала аҽеимаа аформа амоуп, адәахьала акцақәа хәба амоуп. Аҟәырӷ ахыбра агәҭаны иргылоу 4 шьаҟак ирықәгылоуп. Зкәакьҭа иашоу ашьаҭа аҟынтә аҟәырӷ абарабан гежь аҟынӡа ииасуеит аԥра ала. Адәахьала абарабан лаҟә 12 ацкақәа амоуп. Ахыбра иҩычоуп ицәу ахаҳә ала. Афасад аҩычара амам. Ауахәамаҿы ибеиаз аскрипториум иҟан, уи шьақәдырӷәӷәоит иахьанӡагьы иаанханы иҟоу анапҩырақәа. Ҩ-ӡиаск, Мықәи Кәыдри ирыбжьоу аҵакырадгьыл акәын Мықәтәи аҷкәандарцәа ирҭыԥыз. Х-нефк змоу акуполтә уахәама аҭӡынҵақәеи асахьақәеи анын, уи шьакәдырӷәӷәоит иҳ аҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы ирбаз, XIV -ашықәсқәа I азбжа иаҵанакуа асахьаҭыхымҭақәа. Мықәтәи аҷкәандарцәа ақтивла иалахәын атәыла аԥсҭазаара. Аҭоурых Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа Мықә ақырҭуа культура хыҵхырҭас иҟан, уаҟа ихырҩаалон анапҩыра ҿыцқәа, иара убас, ажәытә напҩырақәа идырҿыцуан. Иахьагьы иаанханы иҟоу Мықәтәи аскрипториум анапҩырақәа рҿы Мықәтәи аусзуҩцәа рыхьӡқәа ҳәоуп. Мықәтәи ажәытәрақәа рҟынтәи ҷыдала иалкаатәуп Мықәтәи адинтә аизга. Мықәтәи ауахәама аепиграфикатә баҟақәа рылагьы ибеиан, аха, иахьанӡа иаанханы иҟоуп асаркьалсырҭа адҩыла мацара. 1557-1558 шықәсқәа рзы аҳ Баграт III-и (1490-1565) акаталикос Евдемон Чхетисӡеи рыԥшьгарала Имереҭи имҩаԥгаз ауахәаматә аизара далахәын Мыкәтәи аҷкәандаргьы. Мықәтәи аберҭыԥ акрызҵазкуаз адоухатәи акультуратәи центрын. Уаҟа иҟаз аскрипториум аҿы ахырҩаалон анапҩыра ҿыцқәа. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла акаталикос Еԥтвиме Саҟварелиӡе (1578-1616) (уаанӡатәи Мықәтәи аҷкәандар хада) нҿаҵарала Мықә ихҩылаан анапҩырақәа - аметафраси адинтә аизгеи. Аамҭак иналагӡаны Мыкә аус руан акатолик-миссионерцәагьы. 1615 шықәсазы акатолик Патр Лиуи Гранжие аиезуитцәа рорден аинрал Клод Аквавива Мыкәынтә изишьҭит арелацион наӡа. 1639 шықәсазы Мықә иаҭааит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Ҭеодор Елчини Павел Захариеви. Абертыԥ аҿы урҭ ирбеит раԥхьаӡа иргәаҟыз Степан иԥшьоу ибаҩкәеи Аџьар цқьа ахәҭаки. Гыртәыла иҟаз фҽҷкәандаррак рыгәта Мықәтәи ачкәандаррагьы дахцәажәеит Италиатәи амиссионер Арканџьело Ламберти. Абри ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Мықә иҟаз Антиохиа апатрнарх Макариос III аԥсуаа рыхәҭак аӡы изааихит. XVII ашәышықәса анҵәамтазы Мықәтәи аҷкәандарра ауранагӡара иаҟәыҵит. Аамтак иналагӡаны аныхабаа ԥхастахеит, аҳаскьын иагеит. Ауахама аҭагылазаашьа цәгьа иалацәажәоит Мари Броссеи (уи ауахәама ибеит 1848 шыкәсазы) Дмитри Бақраӡеи (ауахәама даҭааит 1859 шыкәсазы). XLX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба иԥшьгарала, ауахәамаҿы имҩаԥган арҽеирааиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Аҭыӡсахьақәа акьыр рхьыршьит, адәахьалагьы ахыбра аԥшра рыԥсахиг. 1866 шықәсазы Мықәтәи аухуамаҿы анышә дамадан 1864 шықәса инаркны Воронеж ахҵәара зхызгоз Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба (1806-1866). XX ҽтәи ашәышықәса 60-тәи ашыкәсқәа рзы Мықәтәи ауахәамаҿ ареставрациатә усурақәа мҩԥырган, икыдырхит XIX ашәышықәса иатәыз аҿыгҳара. Абри аусурақәа ирыхҟьаны ахыбра аиуит уажәтәи ахәаԥшыша. 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ауахәама анашьаан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа. Алитература «Мықәтәи анапҩырагьы», Ақарҭ, 2015. Азгәаҭақәа Аԥсны ауахәамақәа
418
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90
wikipedia
wikipedia
ab
А, а — кириллтәи аҩыратә нбан. Азхьарԥшқәа Graphemica (А) Graphemica (а)
419
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BD%D0%B3%D0%BB%D1%8B%D0%B7%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Англы́з бызшәа́ () Англыз бызшәа амш — мшаԥымза 24. Англыз алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа
420
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D0%B0%D1%80%D0%B0%D1%87-%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D0%BB%D2%9F%D0%B0%D1%80%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аҟарач-абалҟар бызшәа (Къарачай-малкъар тил), Абалҟар бызшәа Азгәаҭақәа Абызшәақәа Атиурк бызшәақәа
421
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B1%D0%B0%D1%88%D0%BA%D1%8C%D1%8B%D1%80%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Абашкьыр бызшәа, Абашкир бызшәа (абашк. Башҡорт теле) Азгәаҭақәа Абызшәақәа Атиурк бызшәақәа
422
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D0%B0%D1%9F%D1%8C%D0%B0%D1%80%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Амаџьар бызшәа, Авенгер бызшәа, Авенгр бызшәа () - Маџьартәыла аҳәынҭқарратә бызшәа. Азгәаҭақәа Абызшәақәа Амаџьар бызшәа
423
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B4%D0%B0%D3%B7%D1%8C%D1%81%D2%AD%D0%B0%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Адаӷьсҭан бызшәақәа — Даӷьсҭан ауааԥсыра абызшәақәа шәаҳәо. Ашара Анах-даӷьсҭантәи бызшәақәа Ауараа бызшәақәа Ауар бызшәа Анди бызшәа Ахәах бызшәа Багулал бызшәа Боҭлых бызшәа Годобери бызшәа Каратан-идараб бызшәа Чамала бызшәа Ацез бызшәа Хәарша бызшәа Гьинуҳ бызшәа Бежкьа бызшәа Хәынза бызшәа Даргьы бызшәақәа Даргьы бызшәа Акубач бызшәа Каидаҟ бызшәа Ачыраг бызшәа Алақ бызшәа Лезгьы бызшәақәа Лезгьы бызшәа Агәыл бызшәа Ҭабасаран бызшәа Руҭыул бызшәа Ацах бызшәа Будаҟ бызшәа Акрыз бызшәа Арчы бызшәа Уди бызшәа Албан бызшәа Хыналыг бызшәақәа Хыналыг бызшәа Аҭырқә бызшәақәа Ҟыпчаҟ бызшәақәа Қәмуқ бызшәа Наҩеи бызшәа Оӷәыз бызшәақәа Азербаиџьан бызшәа Азгәаҭақәа
424
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B5%D0%B4%D1%8B%D0%B3%D1%8C%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аедыгь бызшәа, Аедыгьа бызшәа (Адыгабзэ) ма азыхә (кьахы) бызшәа. Афонологиа Аиеҵәа: ажәамԥсақәа иҟоу афонемқәа. Аҟаԥшь: амшынтә (шаԥсыӷ, натхәа, хакәыцә) диалектқәа Аиеҵәа: абӡах диалект Азгәаҭақәа Абызшәақәа
425
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9B%D0%B0%D1%80%D2%AD%D0%B2%D0%B5%D0%BB%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ақарҭвел(тә) бызшәақәа Алада қарҭвел бызшәақәа Ақырҭуа бызшәа Зан бызшәақәа Агыруа бызшәа Алаз бызшәа Аҩада қарҭвел бызшәақәа Ашәануа бызшәа Азгәаҭақәа
426
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D0%B0%D0%B1%D0%B0%D1%80%D0%B4%D0%B0%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аҟабарда бызшәа (Адыгэбзэ) Афонологиа Аҵыбжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа Аиеҵәа: ажәамԥсақәа иҟоу афонемқәа. Аҟаԥшь: бесленеитә адиалект. Аҿырԥшы Азгәаҭақәа Абызшәақәа
427
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%9F%D0%B0%D0%B7%D0%B0%D1%85%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аҟазах бызшәа () — Атиурк группа, Ҟазахсҭан аҳәынҭқарратә бызшәа. Азгәаҭақәа Абызшәақәа Атиурк бызшәақәа
428
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B0%D0%B7%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Алаз бызшәа (ლაზური ნენა, Lazuri nena) — ақарҭвел бызшәа. Азгәаҭақәа Абызшәақәа Ақарҭвел бызшәақәа
429
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D0%BE%D0%BB%D0%B4%D0%B0%D0%B2%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Амолдав бызшәа, амолдаван бызшәа (limba moldovenească, лимба молдовеняскэ) Азгәаҭақәа Абызшәақәа Амолдав бызшәа
430
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D0%BE%D0%BD%D0%B3%D0%BE%D0%BB%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Амонгол бызшәа () — Монголиа ҳәынҭқарра бызшәас имаоуп. Амонгол алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа Амонгол бызшәа
431
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%81%D0%BB%D0%BE%D0%B2%D0%B0%D0%BA%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аславак бызшәа (slovenský jazyk, slovenčina, slovenská reč) Аславак алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа
432
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%AD%D0%B0%D1%9F%D1%8C%D1%8B%D2%9B%D1%8C%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аҭаџьык бызшәа (), Аҭаџьык афарси бызшәа () — Таџьықьистан аҳәынҭқарратә бызшәа иамоуп. Иран группа, индо-европеитә ажәла иреиоуп. Ихалхно—14 000 000 ҩык. Aҭаџьыкаа рбызшәа. Афганистан, Иран, Уазбақьистан официалтә бызшәа иамоуп. Акодқәа ISO 639-1: tg ISO 639-2: tgk ISO 639-3: tgk Атаџьықь алфавит Пример Абара Атаџьықь Авикипедиа Атаџьықь алитература Азгәаҭақәа Абызшәақәа
433
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%82%D0%B8%D1%83%D1%80%D0%BA%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Атиурк бызшәақәа Аогузқәа Азербаиџьан Аҭырк Аҭырқәмен Акыпчакқәа Аҟазах Аҟыргыз Аҟрымҭаҭар Абашкир Аҭаҭар Анаҩеи Акарлукқәа Ауигәыр Ауазбақь Aхакасқәа Ахакас Aиакуытқәа Аиакуыт Адолӷан Азгәатақәа
434
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%AD%D1%83%D1%80%D2%9B%D0%BC%D0%B5%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аҭурқмен бызшәа, Атуркмен бызшәа () Атуркмен алфавит Азгәаҭақәа Абызшәақәа Атиурк бызшәақәа
435
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%80%D0%B0%D0%B1%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Араб бызшәа, Араԥ бызшәа () Араб алфавит Араб алфавит:: Шәахә. иара убас Араб Авикипедиа Азгәаҭақәа Абызшәақәа
436
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%83%D0%B0%D0%B7%D0%B1%D0%B0%D2%9B%D1%8C%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ауазбақь бызшәа () — Уазбақьистан ареспубликатә бызшәас иамоуп. Атиурк бызшәақәа иреиоуп. Азгәаҭақәа Абызшәақәа
437
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%83%D0%B1%D0%BB%D0%B0%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аубла бызшәа (tʰʷaχəbza, Ҭәахыбза) Алфавит Акириллица алфавит Алаҭин алфавит Аграматика Абжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа [ā] аа [a] а [ə] ы [ø] ы ← [ə] ы (ажәа аԥхьа) [e̞] е ← [je̞] ие ← [ja] иа [e̞] е ← [e̞j] еи ← [aj] аи [i] и ← [əj] и / [jə] и [o̞] о ← [wo̞] уо ← [wa] уа [ō] оо ← [o̞w] оу ← [aw] ау [u] у ← [əw] у / [wə] у [uˤ] у' ← [əwˤ] у' / [wˤə] у' Аҵыбжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа Аиеҵәа: ажәамԥсақәа иҟоу афонемқәа. Ахьыӡцынхәрақәа Аҟаҵарба аиҭакра Азхьарԥшқәа Hans Vogt, Dictionnaire de la Langue Oubykh, Oslo - 1963 Азгәаҭақәа Аԥсы абызшәақәа
438
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%83%D0%B8%D0%B3%D3%99%D1%8B%D1%80%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ауигәыр бызшәа (ئۇيغۇر تىلى‎, Уйғур тили, Uyghur tili) Азгәаҭақәа Абызшәақәа Атиурк бызшәақәа
439
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%87%D0%B5%D1%87%D0%B5%D0%BD%20%D0%B1%D1%8B%D0%B7%D1%88%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ачечен бызшәа () Ачечен бызшәа амш — мшаԥымза 25. Азгәаҭақәа Абызшәақәа Адаӷьсҭан бызшәақәа
440
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D2%B3%D3%99%D0%B0%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83%20%D0%B0%D2%B3%D0%B0%D2%9B%D1%8C%D1%8B%D0%BC%D1%86%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Иҳәаадоу аҳақьымцәа () — жәларбжьаратәи аиҿкаара. Адунеижәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Агәыҳалалратә еиҿкаарақәа 1971 шықәсазы ицәырҵит
441
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9E%D0%9E%D0%9D%20%D0%90%D2%BF%D0%B8%D0%B0%D1%80%D0%B0%20%D0%90%D0%BF%D1%80%D0%BE%D0%B3%D1%80%D0%B0%D0%BC%D0%BC%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
ООН Аҿиара Апрограмма ( - UNDP) — жәларбжьаратәи аиҿкаара. ООН Аҿиара Апрограмма 1965 шықәсазы ицәырҵит Ниу-Иорк
442
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B5%D0%BA%D0%BE%D0%BB%D0%BE%D0%B3%D0%B8%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аеколо́гиа (аагоуп абырзен бызшәахьтә: «ойкос» - аҩны, анхарҭа, аԥсадгьыл + «логос» - аҵара) — Хыхь ишаҳҳәахьо ала аекологиа рызкуп зыԥсы ҭоу ацәеижьқәеи изну аԥсабареи реинырра аҵара. Аекологиа ршоит хыџьараны: 1) аҵиаақәа рекологиа; 2) аԥстәқәа рекологиа; 3) ауаҩы иекологиа ҳәа. Аҵиаақәа рекологиа Аҵиаақәа рекологиа иаҵоит аҵиаақәеи изну аԥсабареи шеиныруа, аҵиаақәа дара-дара реиныррақәа, урҭ рзеиԥшеизҳарақәа. Аԥсҭазааразы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа иреиуоуп – алашара, аԥхарра, ацәаакы, аҳауа, аминералтә маҭәашьарқәа уб. иҵ. Ацәеижьқәа рыԥсы ҭанаҵы крырфоит, рыԥсыԥ ларгаҩаргоит, ирызҳауеит, иҿиоит, рымҽхак дырҭбаауеит. Убри ауп урҭ рыԥсҭазаара ҵакыс иамоугьы. Аха ҭагылазаашьала урҭ зегьы еиԥшым. Џьара аӡы маҷуп, даҽаџьара аҳауа цқьам, егьи- рахь хьшәашәароуп, даҽаџьарах афатә маҷуп, мамзаргьы ӡҟычроуп. Ажәакала ацәеижьқәа рзы иҟоуп иҽеиуи иҽеими аҭагылазаашьақәа. Убарҭ аҭагылазаашьақәеи ацәеижьқәеи реинырра шымҩаԥысуа аҭҵаара иазкуп аекологиа захьӡу аҵарадырра. Аҵиаақәа рекологиа иҭнаҵаауеит ауаҩы ихарала аҵиаақәа ироуа анырра ахҟьа-ԥҟьақәа. Аҵиаақәа рекологиа аилкааразын идыртәуп аҵиаақәа рыԥсҭазааратә ҷыдарақәа. Аҵиаақәа анышә аҟынтәи ироуеит рыфатә, уи иқәгылоуп, изеиҭаӡҵом. Аӡҵиаақәагьы аӡаҿы ироууеит рыфатә, изеиҭаҵӡом. Аҵиаақәа рымҽхак дырҭбаауеит рыжәлақәа рыла. Ахара ацаразы урҭ рыжәлақәа еиҿартәуп аҳауаҿ ихиааланы иԥырратәы, мамзаргьы аӡы иагаратәы. Рышәҭқәа ирхылҵуеит афҩыхаа. Аҵиаақәа иԥсаанӡа ирызҳауеит. Урҭ урысшәала «рас- тение» зрыхьӡу еснагь иахьрызҳауа азы ауп. Аҵиаақәа ирылшоит рцәеижьхәҭақәа рыԥсахра, ҿыц илганы рзырҳара, рҽырҿыцра. Аҵиаақәа бзиарҭаны ирызҳауеит ирласны, идуны. Цәгьарҭаны реизҳара ԥкуп, ихьысҳауп. Насгьы аҵиаақәа ахьҭацәгьеи амлакреи аныҟоу ирылшоит абыӷькаԥсара, аамҭала ацәара. Аҵиаақәа ахыхьчараз ирымоуп ахыхьчага цәеижьхәҭақәа: абӷажәцәа, аҟәымыӷқәа, афҩыцәгьа, агьама бааԥс, ашҳам, ирхылҵуеит абактериақәа зшьуа афитонцидқәа уб. иҵ. Аҵиаақәа рызҳашьа, рыԥсҭазаашьа ианыԥшуеит иахьану аҭыԥ заҟа ирлашоу. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа аҭыԥқәа рҿы аҵиаақәа ирызҳауеит икәаданы, риаҵәара маҷны. Уи адагьы аҵиаақәа реизҳара ианыруеит амш заҟароу, аԥхынра мшқәа рхыԥхьаӡара, амра анԥхо амшқәа рхыԥхьаӡара уб. иҵ. алашара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп аҵиаақәа амш андуу изызҳауа, иҟоуп амш анкьаҿу азҳара иазыманшәалоу, иҟоуп рыҩбагьы ззеиԥшугьы. Амш андуу изызҳауа аҵиаақәа иреиуоуп аҩададгьылқәа зџьынџьу ача, ақьар, ачаԥшь, акартош. Урҭ ирызҳарц, ишәҭырц азы амш аура 12 сааҭ иреиҳазароуп. Аладатәи аҵиаақәа – амахәыда, абрынџь, абамба, анышәраса уб. иҵ. рызҳаразы амш аура 12 сааҭ еиҳазароуп. Амш аура заҟароу иахьԥшым аҵиаақәа иреиуоуп апатырџьанқәа, алымҳардагәа уб. иҵ. Хыхь иаҳҳәаз амзызқәа ирыхҟьаны аҵиаақәа ршоит х-гәыԥкны: алашара бзиа избо; ашәшьыра зычҳауа; ашәшьыра бзиа избо, ҳәа. Алашара бзиа избо аҵлақәа иреиуоуп амзаҵла, аҵааҵла, агәыркаԥса, абӷьыршәшәа, ахьаца, аџь уб. иҵ. Алашара бзиа избо иреиуоуп ауҭраҭыхтәи абаҳчатәи аҵиаақәа, иара убас аӡышәҭыши аӡышәҭ ҩежьи. Ашәшьыра зычҳауеи, бзиа избои иреиуоуп аԥсаӡҵлақәа, аҭәаҵлақәа, арасаҵлақәа, – ачықьқәа рахьтә – ашьхарпаҿ, ақәыцыш, адыӷаџьа, ахәажәа, абжьынҵ уб. иҵ. Ашәшьыра бзиа избо аҵлақәа – аԥсаӡқәа, рымҵа азҳара рылшоит аҭырасқәа, ашыцламшәқәа. Ашәырбаҳчақәа рааӡара напы азыркуа ирдыруазароуп еиуеиԥшым ашәырҵлақәа алашара еиԥшымкәа ишырҭаху. Аҵиаақәа реиҭаҳараан, ацәаҳәақәа рыҭбаареи аҵиаақәа рхибаҩареи азгәаҭаны збаҳча шьақәзыргыло, аҽаҩра бзиа иоуеит. Алитература П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011 Ахьарԥшқәа Адгьыл азы аҭҵаарадыррақәа
443
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D0%B8%D0%BA%D1%80%D0%BE%D1%81%D0%BA%D0%BE%D0%BF
wikipedia
wikipedia
ab
Амикроско́п (абырзен бызшәахьтә иаагоуп «микро» – ахәыҷӡа аанагоит + «скопиа» – ахәаԥшра) Аҭоурых Зыԥсы ҭоу ацәеижь аԥсҭазаашьа аилкааразы адәахьала ахәаԥшра мацара азхом. Ибатәуп, еилкаатәуп уи аҩныҵҟа злы- ху ацәеижьхәҭақәа шеиҿартәу, аус шыруа. Ауаҩы ибла еилкаа- ны иабоит иҟәазу амаҭәарқәа. Ацәеижь злыху амаҭәашьарқәеи ахацқәеи убысҟак иссоуп, ардугала уахәамԥшыкәа иубом. Аҵиаақәеи аԥстәқәеи рцәеижьқәа рыхәаԥшразы рхы иадырхәоит алупеи амикроскопи. Алупа захьӡу ардуга маҭәар ихәыцит Афанасии Кирхер XVII ашәышықәса алагамҭазы. Уи шьақәгылоуп ҩ-хәҭакны. Изхәаԥшуа, ирдуны ирбарц ирҭаху амаҭәар иақәыркуа, зыҩганк ылгәыгәу асаркьалых алинза иамоуп излаукыша амаа. Алупақәа ыҟоуп ихәыҷуи, идуи. Урҭ ирылшоит ардура 2-нтә инаркны 300-нтә рҟынӡа. Лупала акы иахәаԥшуа амаа кны асаркьа далԥшуа иазааигәеитәуеит дызхәаԥшырц ииҭаху амаҭәар цқьа ибо иҟалаанӡа. Алашаратә микроскоп захьӡу ардуга маҭәар алшарақәа еиҳауп. Уи иалшоит 3600-нтә рҟынӡа ардура. Иҟоуп аелектронтә микроскопқәа жәанызқьла азырҳара зылшо. Урҭ хархәара рзыруеит аҭҵааратә лабораториа дуқәа рҿы. Амикроскопқәа рыҟаҵашьа ауаа ирдыруеит XVII ашәышықәса аахыс. Усҟан зегьы иреиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡон Голландиатәи аҟаза Антони ван Левенгук иҟаҵамҭа. 1665 шықәсазы англыз ҵарауаҩ Роберт Гук микроскопла зегьы раԥхьаӡа акәны дахәаԥшит апробкаҵла ацәа. Уи уаҟа иибаз аҿаԥарақәа ибеит микроскопла данахәаԥш амҵырбӷьы агәыцә аҿгьы. Ашьҭахь уи дрыхәаԥшуан аҷых (морковь), ауапа- лашьшьы, аҭырас убас иҵегьы акыр аҵиаақәа рыҩныҵҟатәи ргәыцәқәа. Иибоз асахьақәа акырџьара еиԥшын. Ақьырмыт хәыҷқәа реиԥш еиваԥсаны иибоз ацыра иахьӡиҵеит цитос – аԥсышәала уи иахьӡуп ахац (урысшәала – клетка). Аҵиаақәа адәахьала еиԥшӡам, аха рызегьы излыху излашьақәгылоу ахацқәа рыла ауп. Ахац зхала аҟазаара зылшо, зхала ау- сура зылшо, зыԥсы ҭоу, ацәеижь злашьақәгылоу, иреиҵоу цәеижьхәҭоуп. Уи иамоуп ахатәы еиҿкаашьа. Амикроскоп ала ахац аиҿартәышьа аҵара еиҳа имариоуп. Уи ирдуны иунарбоит ауаҩы ила иазгәамҭо ахац аформеи ишеиҿартәуи. Амикроскоп аиҿартәышьа Амикроскоп ахәҭақәа зегьы еидызкыло амаа (аштатив). Атубус, аокулиар, аобиектив. Иаазыхәхәоу, зыҩныҵҟа ардуга линзақәа зҭоу атрубка иахьӡуп атубус. Хыхьтәи аҭаԥ- шырҭа иахьӡуп аокулиар. Атубус ҵаҟатәи анҵәамҭаҿы иаҿарҵо, зыԥсахра ауа атрубка хәыҷы иахьӡуп аобиектив. Амаҭәарқәҵарҭа. Изхәаԥшырц ирҭаху амаҭәар ықәҵаны ахьдырҟацо. Изхәаԥшырц ирҭаху амаҭәар иҵаӷаӡаны иԥҟаны асаркьа кеикеи хәыҷы ақәырҷабны заа идырхиоит. Асаркьа. Алашара зынҷҷаланы, изхәаԥшуа амаҭәар ҵаҟантәи изырлашо. Архиага бруқәа. Руакы – еиҳау – инықәырԥшны иазааигәазтәуа, аҩбатәи – еиҵоу – икылкааны иақәзырхио. Амикроскоп лашарада акгьы унарбаӡом. Убри азы алашаратә микроскоп ҳәа азырҳәоит. Амикроскопқәа рыла изхәаԥшуа амаҭәар ҵаӷазароуп алашара алсыртә еиԥш. Амаҭәар ахәҭақәа зегьы еилыхха иубо иҟаларц азы шәыгала иршәуеит. Ус иҟаҵоу амаҭәар иахьӡуп апрепарат. Уи заа алабораториақәа рҿы идырхиоит, нас ашколқәа рахьгьы инаргоит, кыраамҭа рхы иадырхәоит. Алитература П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011 Ахьарԥшқәа Абиологиа Аоптика
444
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D1%8C%D0%B0%D0%BC%D1%82%D3%99%D1%8B%D0%BB%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Шьамтәыла,Сириа (), аофициалтә хьӡы: Шьамтәылатәи Арабтә Республика () — Азиа аҳәынҭқарра иауакуп. Шәахә. иара убас Аҳәынҭқаррақәа рсиа Азгәаҭақәа Азиатәи атәылақәа Ареспубликақәа
445
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B0%D4%A5%D1%8B%D0%BD
wikipedia
wikipedia
ab
А́аԥын — акы ԥшь-ашықәс аамҭак рҟынҭә, аӡынеи аԥхынеи рыбжьара. Ааԥын мзақәа роуп: Хәажәкыра, Мшаԥы, Лаҵара. Ааԥын илаумҵаз, хкаарчан иузҭагалом (), «(то), чего весной не посеял, того не пожнёшь осенью». Ахьарԥшқәа
446
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%85%D1%8B%D0%BD
wikipedia
wikipedia
ab
А́ԥхын — акы ԥшь-ашықәс аамҭак рҟынҭә, ааԥынеи ҭагаланеи рыбжьара. Аԥхын мзақәа роуп: рашәара, ԥхынгәы, нанҳәа. Ахьарԥшқәа
447
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B0%D2%B3%D0%B0%D3%A1%D1%8B
wikipedia
wikipedia
ab
Алаҳаӡы́ (, ) — Аԥсны иҟоу ақыҭа. Агеографиа Аҳәаақәа: аҩада — ԥсахара; амрагыларахь — Бзыԥ ақыҭа, Бзыԥ аӡы; алада — Бзыԥ аӡы, амшын; амрааҭашәарахь — амшын, ԥсахара; Алаҳаӡы инхо еиҳарак ерманцәоуп, урҭ ара аԥхьаӡа иааиҭ 1913 шықәсазы. Адемографиа Аҭыԥқәа Абаажә ду — Алаҳаӡы ақыҭа агәҭахьшәа Ҳашныха ҳәа иахьашьҭоу иҟоуп, даара кры зхыҵуа ауахуама дуқәа ҩба еилабганы еивоуп; Аԥшьлаа инхарҭа — Алаҳаӡы акәара ахахьы; Аҳду икыра — Алаҳаӡы амраҭашәарахь. Апитомники акәтыааӡарҭеи ахьыҟоу. Ахду ҳәа зыӡбахә аҳәо «Великий Князь Александр Михаилович» ҳәа изышьҭаз иоуп, уи араадгыл ԥыҭк идыԥхьаӡалан, уахаԥш; Ацитрус совхоз — Бзыԥ аӡы иавоуп аргьарахь ала Аҭыӡҭа инаркны амшын аҟынӡа, даара акры аҵанакуеит. 1895 шықәсазы ара адача ашьапы икит аурыс аҳ иҿы аҳара змаз амал уаҩы Игәмен, уи абаҳча ду еиҵеиааӡеит, афымца станциа иргылеит, акипористтә алеиақәа ҟаиҵеит, иара даныԥсгьы ара дыржит; Дерникиан итәы — Шавров итәы ҳәа иахьашьҭоу; Иналаа рашҭа — Инал-иԥа иадгьыл ҳәа иахьашьҭоу Алаҳаӡы армарахь амшын аганахь; Инал-иԥаа радгьыл — дгыл ҭбааны Алаҳаӡы акәара иаван амшын аҟынӡа; Ҳашныха — Алаҳаӡы агәҭахьшәа ауахәама хыҽҽыра ду ахьыҟоу акәша-мыкәша; Цитрусовыи совхоз — уахәаԥш Ацитрус совхоз; Шавров итәы — Дзыҩӡыхь иаван аргьарахь ала, XX ашәышықәса алагамҭазы ара адача иман аурыс малуаҩ Шавров; Шавров поле — уахәаԥш Шавров итәы; Шмид — Алаҳаӡы акәара аргьарахь ала иавоуп, ажәытә ара иҟан Шмидт ҳәа малуаҩык идача. Азгәаҭақәа Гагра амуниципалитет ақыҭақәа Гагра араион ақыҭақәа
448
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%80%D0%B0%D1%81%D0%B0%D3%A1%D1%85%D0%B0%20%28%D0%93%D0%B0%D0%B3%D1%80%D0%B0%29
wikipedia
wikipedia
ab
Арасаӡха () — Аԥсны ақыҭа ауп. Азгәаҭақәа Гагра амуниципалитет ақыҭақәа Гагра араион ақыҭақәа
449
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%9F%D1%8C%D1%80%D2%A9%D0%B0%D1%80%D0%B0%20%28%D0%93%D0%B0%D0%B3%D1%80%D0%B0%29
wikipedia
wikipedia
ab
Аџьрҩара () — Аԥсны ақыҭа ауп. — Аԥсны иҟоу ақыҭа. Ахьарԥшқәа Гагра амуниципалитет ақыҭақәа Гагра араион ақыҭақәа
450
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B2%D0%B0%D1%88%D1%8B%D4%A5%D1%81%D1%8B
wikipedia
wikipedia
ab
Ҳашыԥсы, Ҳашԥсы () — Аԥсны иҟоу ақыҭа. Азгәаҭақәа Гагра амуниципалитет ақыҭақәа Гагра араион ақыҭақәа
451
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B0%D3%B7%D1%80%D1%8B%D4%A5%D1%88%D1%8C
wikipedia
wikipedia
ab
Баӷрыԥшь () — Аԥсны иҟоу ақыҭа. Ахьарԥшқәа Гагра амуниципалитет ақыҭақәа Гагра араион ақыҭақәа
452
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B3%D0%BA%D2%9B%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Агкқәа, Менделеево (, ) — Аԥсны ақыҭа. Азгәаҭақәа Гагра амуниципалитет ақыҭақәа Гагра араион ақыҭақәа
453
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%A9%D0%B0%D0%B4%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
А́ҩада (аҩ.) — адунеи аган. вфыфыв Аҩада-мрагылара Аҩада-мраҭашәара Ахьарԥшқәа Ахырхарҭа Адунеи аганқәа Акартографиа
454
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D1%80%D0%B0%D0%B3%D1%8B%D0%BB%D0%B0%D1%80%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Амрагы́лара (мраг.) — адунеи аган. Адгьыл ахагьежьуеит уахь. Амрагыларахь ныҟәара амҩақәҵарақәа Аҩада-мрагылара Алада-мрагылара Ахьарԥшқәа Ахырхарҭа Адунеи аганқәа Акартографиа
455
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D1%80%D0%B0%D2%AD%D0%B0%D1%88%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
А́мраҭашәара (мраҭ.) — адунеи аган. вфыфыв Аҩада-мраҭашәара Алада-мраҭашәара Ахьарԥшқәа Ахырхарҭа Адунеи аганқәа Акартографиа
456
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B0%D0%B4%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
А́лада (ал.) — Адунеи аган. вфыфыв Алада-мрагылара Алада-мраҭашәара Ахьарԥшқәа Ахырхарҭа Адунеи аганқәа Акартографиа
457
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%81%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D1%82%D1%82%D3%99%20%D0%A1%D0%BE%D1%86%D0%B8%D0%B0%D0%BB%D0%B8%D1%81%D1%82%D1%82%D3%99%20%D0%A0%D0%B5%D1%81%D0%BF%D1%83%D0%B1%D0%BB%D0%B8%D0%BA%D0%B0%D2%9B%D3%99%D0%B0%20%D0%A0%D0%B5%D0%B8%D0%B4%D0%B3%D1%8B%D0%BB%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла, Еидгылоу Советтә Социалисттә Республикақәа, СССР, Асовет Еидгыла. Азгәаҭақәа Аҭоурыхтәи европатәи атәылақәа Аҭоурыхтәи азиатәи атәылақәа Аҭоурыхтәи афедерациақәа Акоммунисттә тәылақәа
458
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%B3%D2%AD%D0%BD%D1%8B%D2%9B%D0%B0%D0%BB%D0%B0%D2%9B%D1%8C
wikipedia
wikipedia
ab
Аҳҭны́қалакь — ароль административтә центри аҵакырадгьыл асимволи рықалақь ауп. Иазҷыданы ари ма атәыла, ма ахаланапхгаратә хәҭа рцентр иҟоуп. Агалереиа Ахьарԥшқәа Шәахә. иара убас Адунеи аҳҭнықалақьқәа рыхьӡынҵа Аметрополиа Ақалақь Ақалақьқәа
459
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BA%D0%B2%D0%B0%D0%B4%D1%80%D0%B0%D1%82%D1%82%D3%99%20%D0%BC%D0%B5%D1%82%D1%80
wikipedia
wikipedia
ab
Аквадраттә метр (иааркьаҿны «М²») — ақәӡара метриатə системаҿы, ашәага-зага ак. Ахьарԥшқәа Ақәӡара aшәага-зага акқәаа
460
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B3%D0%B5%D0%BE%D0%B3%D1%80%D0%B0%D1%84%D0%B8%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D0%B0%D0%BA%D0%BE%D0%BE%D1%80%D0%B4%D0%B8%D0%BD%D0%B0%D1%82%D2%9B%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Агеогра́фиатә акоордина́тқәа Аладатәи (шьыбжьырхара) аҭбаара — л.ҭ. (ю.ш.); Аҩадатәи (жәҩанҵәырхара) аҭбаара — ҩ.ҭ. (с.ш.); Амрагыларатәи аноурылара — м.н. (в.д.); Амраҭашәаратәи аноурылара — м.н. (з.д.). Акоординатқәа рсистемақәа Акартографиа Агеодезиа
461
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%BE%D3%B7%D0%B0%D0%B8%D0%B4%D0%B5%D0%BB%D0%B8%2C%20%D0%97%D1%83%D1%80%D0%B0%D0%B1%20%D0%A2%D0%B5%D0%BC%D1%83%D1%80-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Зураб Темур-иԥа Ногаидели (; , Қобулеҭ, Қырҭтәылатәи ССР) — ақырҭуа аполитикатә усзуҩы. Абиографиа 1988 шықәсaзы Москвaтәи Ломоносов ихьӡ зху aҳәынҭқaррaтә университет физикa aфaкультет дaлгеит. 1988-1998 шықәсқәa рaaн Қырҭтәылa aҭҵaaрaдыррaқәa рaкaдемиa Вaхушти ихьӡ зху aгеоргaфиa aинститут aлaборaнт еиҳaбыс дыҟaн. 1989-1990 шықәсқәa рaaн Естониa aҭҵaaрaдыррaқәa рaкaдемиa aгеологиa aинститут aҿы aстaжиорс дыҟaн. 1982-1992 шықәсқәa рaaн Қырҭтәылa aҭҵaaрaдыррaқәa рaкaдемиa Бaҭымтәи Нико Берӡенишвили ихьӡ зху aҭҵaaрaдыррaтә институт aҭҵaaрaдыррaтә усзуҩ еиҵбыс, aлaборaториa нaпхгaҩыс aус иуaн. 1992-1995 шықәсқәa рaaн Қырҭәьылa aпaрлaмент aлaхәылaс, Қырҭтәылa aпaрлaмент aԥсaбaрaхьчaреи aԥсaбaрaтә ресурсқәи рхеилaк дaхaгылaн. 1995-1999 шықәсқәa рaaн Қырҭтәылa aпaрлaмент aлaхәылaс дыҟaн. 1996-1997 шықәсқәa рaaн Аҷaрa aтономтә республикa иреиҳaӡоу aхеилaк aaлхәылa. 1999 шықәсa aбҵaрa инaркны 2000 шықәсa лaҵaрaмзaнӡa Қырҭәтылa aпaрлaмент aлaхәылa aшәaхтәқәеи aхaшәaлaхәқәеи рхеилaк aхaнтәaҩы. 2000 шықәсa лaҵaрa инaркны 2001 шықәсa aбҵaрa 1 aҟынӡa Қырҭтәылa aфинaнстә министрс дыҟaн, 2002-2003 шықәсқәa рaaн aкционертә еилaхәырa "Жәлaртә бaнк" aхылaԥшрaтә хеилaк aлaхәылaс дыҟaн. 2003 шықәсa мшaҩымзa инaркны aбҵaрaнӡa aсолидaртә ҭaкԥхықәрa змоу еилaзaaрa "Дaмениa, Вaршaломиӡе, Ноӷaидели, Қaвҭaрaӡе" aпaртренс дыҟaн. 2003 шықәсa aбзaрa инaркны 2005 шықәсa жәaбрaн aҟынӡa Қырҭтәылa aфинaнстә министрс дыҟaн. 2005 шықәсa жәaбрaн инaркны 2007 шықәсa aбҵaрaнӡa Қырҭәтылa - Аԥызa-министрс. Идыруеит aнгылз бызшәеи aурыс бызшәеи. Аҭaaцәaрa дaлоуп, ԥa-зaҵәык димоуп. Азхьарԥшқәа Зурaб Ноӷaидели Қырҭтәыла аԥыза-министрцәа Қырҭтәылатәи аполитикцәа 1964 шықәсазы ииз Жьҭаарамза 22 рзы ииз
462
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D1%83%D1%80%D0%B3%D0%B5%D0%BD%D0%B8%D3%A1%D0%B5%2C%20%D0%92%D0%BB%D0%B0%D0%B4%D0%B8%D0%BC%D0%B5%D1%80%20%D0%98%D1%80%D0%B0%D0%BA%D0%BB%D0%B8-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Влaдимер Иракли-иԥа (Ладо) Гургениӡе (; ԥхынҷкәынмза 17, 1970, Қарҭ) — ақырҭуа аполитикатә усзуҩы. Абиографиа 2006 шықәсa лaҵaрaмзaзы Лaдо Гургениӡе "Қырҭтәылa aбaнк" aхылaԥшрaтә совет, релaзaaрa aхaнтәaҩыс дaлырхит. Ахылaԥшрaтә СОВЕТ aхь aлхрaнӡa 2004 шықәсa жьҭaaрa инaркны Лaдо Гургениӡе "Қырҭтәылa aбaнк" aдиреқтор хaдaс дыҟaн. Иaрa убaс, Лaдо Гургениӡе "Гaлт енд Ҭaггaрт сиқиуриҭи" "Гaлт енд Ҭaггaрт кaпитaли" aхылaԥшрaтә aхеилaкқәa дырхaнтәaҩуп, Қырҭтәылa aфондтә биржa aхылaԥшрaтә aхеилaк дaлaхәуп. Хы-шықәсa рыҩнуҵҟa Лaдо Гургениӡе aгәыԥ ӷәӷәa еизгaрa илшеит, aри aгәыԥ aлaхәыҩцәa "Қырҭтәылa aбaнк" aҿы aусурa иaлaгaaнӡa "Еи Би Ен Амрои", "Иу Би Еси", "Голдмaн Сaнқси" , "Кредит Суиси" , "Номуреи" , "Доиче бaнки", "Моргaн Стенли", "Рaифaизени" , "Иуникредити" , "Џьеи Ԥи Моргaни", aдунеи aҿы идыру егьырҭ еилaхәырaқәa рҿы aус руaн. Агәыԥ aлaхәыҩцәa рыбзоурaлa,"Қырҭтәылa aбaнк" 25 миллион доллaр иaҟaрaз aбaзaртә кaпитaлизaциеи ишебгоу aқтивреи рылa, 18 процент aбaзaртә хәҭa змaз, aҭыԥaнтәи aфондтә биржa aлистинг aҿы иҟaз еилaхәырaҟынтә 925 миллион aмерикaтәи aдоллaр aбaзaртә кaпитaлизaциеиишеибгоу aқтивреи рылa, 34 процент aбaзaртә хәҭa змз, Лондонтәи aфондтә биржa aлистинг aҿы иҟaз Қырҭтәылеи Укрaинеи рҿы иуниверсaлу бaнкны иҟaлеит. "Қырҭтәылa aбaнк" aкционерцәa 85 р-процентк aтәымтә aинвестициaтә фондқәa иртәуп. "Қырҭтәылa aбaнк" aдиректор хaдaс дҟaлaaнӡa, Лaдо Гургениӡе "Путнaм Ловелл" aҿы aныҟәгaрaтә диреқторс, Европa aрегионaлтә менеџьерс дыҟaн. Уaaнӡa Лaдо Гургениӡе "ЕиБиЕн Амро" aҿы еиуеиԥшым aҭыԥқәa aaникылон, урҭ рыбжьaрa aныҟәгaрaтә диреқтори, aтехнологиaқәa рсеқтор aкорпорaтивтә финaнсқәa рдиреқторс (2001-2003), Европaтәи aбaзaр aҿы aрхиaрaқәеи aидкылaрaқәеи рнaпхгaҩыс (1998-2001). 1993 шықәсaзы Лондон aхь иaсрaнӡa, Лaдо Гургениӡе "ЕиБиЕн Амро" aҿы Урыстәылеи Ихьԥшым Аҳәынҭқaррaқәa реиҩызaрaҿ aкорпорaтивтә финaнсқәa рыҟәшa нaпхгaрa aзиуaн (1997-1998) Лaдо Гургениӡе икaриерa "Миис Ԥиерсон" aгәҭaнытәи Мрaгылaрaхьтәи Европa aкорпорaтивтә финaнсқәa рыҟәшaҿы дaлaгеит. Лaдо Гургениӡе Қaрҭтәи Ив. Џьaвaхишвили ихьӡ зху aҳәынҭқaррaтә университети Миделбертәи aколлеџьи дырҭaн, бизнес aдминистриррaҿ aмaгистр иҩaӡaрa Емортәи aуниверситет Гоизуетaтәи aбизнес школ aҿы иоуит . 2007 шықәсa aбҵaрa 22 инaркны 2008 шықәсa жьҭaaрa 27 рҟынӡa Қырҭтәылa аԥызa министрс дыҟaн. Идыруеит aнгылз бызшәеи aурыс бызшәеи. Аҭaaцәaрa дaлоуп, хҽҩык aхшaрa димоуп. Азхьарԥшқәа Влaдимер Гургениӡе Қырҭтәыла аԥыза-министрцәа Қырҭтәылатәи аполитикцәа Абизнесменцәа 1970 шықәсазы ииз Ԥхынҷкәынмза 17 рзы ииз
463
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%91%D0%B0%D1%80%D1%81%D0%B5%D0%BB%D0%BE%D0%BD%D0%B0%20%28%D0%B0%D1%88%D1%8C%D0%B0%D0%BF%D1%8B%D0%BB%D0%B0%D0%BC%D0%BF%D1%8B%D0%BB%D1%82%D3%99%20%D0%BA%D0%BB%D1%83%D0%B1%29
wikipedia
wikipedia
ab
Ашьапылампылтә клуб «Барсело́на» (, , (зегьы ирдыруеит «Ба́рса» еиԥш) — Каталониатә апрофессионалтә ашьапылампылтә клуб, Испаниаҿы, адунеи зегьыҿы зегь реиҳа ахьӡ-аԥша амоуп. Еиҿкаан 1899 шықәсазы швеицариатәы, британиатәи, испаниатәи, каталонтәи ашьапылампыл асыҩцәа рыла Жоан Гампер инапхгарала. Ари аклуб Каталониа иасимволхеит, убри аҟнытә иаауеит иара адевиз - Mes que un club - more than a club. Барселонатә афанатцәа зегьы ирдыруеит cules ҳәа. «Барселона» Испаниа иамоуп зегьы реиха ирацәаны атитулқәа - 67. «Барселона» х-командак иреуп, испаниатәи чемпионат ишыҟац иаауеит. Егирҭ аҩба Реал Мадридеи Атлетикеи Бильбао роуп. Убри аклуб ахада астадион - «Камп Ноу» дыҟоуп, зегь реиҳа иҭбааҭыцә истадионуп Европаҿы. 9 ажьырныҳәазы 2009 шықәсазы Барселона иԥсахит азыҟацаратә аҭыԥ, ари иахьӡуп «Сиудад Депортива Жоан Гампер». 2012 шықәсазы акаталонцәа иаҵирҩааит хәышықәсатәи ақәшаҳаҭратә Qatar Foundationеи дареи, рдырга рымаҭәақәа иахьанырҵуаз азыҳәан € 30 млн иассышықәса. 5 аре шуркынмонэ валтӥсь тренерез 2021 «Барселона» командалэн капитанэз луэ учыр пусъемын Хави, тренировать каро катарский вазь со «Аль-Садда». Аклуб аҭоурых Ахантəаҩыс даалхуп Жоан Гампер (1908-1926) Аклуб азыыртыс дреиуп 1908 шықәсы азы ԥасатәи форвард Жоан (Хоан, Ганс) Гампер раԥхьаӡатәи ашьапылампылатә клуб президентс. Убри ҟалит аклуб инҭахоз аамҭазы: 1905 шықәсазы Каталониа аиааира анага ашьҭахь, убри аклуб хәы-шықәса трофеида иҟан, афинанстә ҭагылазаашьа даара ицәгьан. Нас Гампер хәы-шықәса рыҩныҵҟа президентс далархуан. Гампер зегь иреиханы иҟаицыз Барселона иахьаиуаз ахатәы стадион. 1909 шықәсазы хәажәкыра 14 Барселона иасит Carrer Indústria стадион ахь, уи астадион 8000 ауаа акәан. Кроиф аклуб ахь раԥхьатәи ишьаҿақәа (1974-1978) 1973-1974 ш.ш. асезон азы акомандаҿы далалеит ауаҩы, «Барселона» ахьыӡ ҭысгыз, легендас иҟалаз - голландатәи ажәылаҩ их. Аиакс раԥхьаӡа зыхьыӡ дуухаз мастерк иаҳасабла, Кроиф зныкала дҟалеит акоманда аԥхьагылаҩс. Иара ирласны дҟалеит Барселонатәи афутбол ахәаԥшеҩцәа бзиа дырбеит иара ихәмарразыҳәан, еиҳараӡак иара«Реал Мадрид» акәымкәа, «Барселона» иахалеихаз, избан агәзар уи ихы иаҭеимшьит аклуб Франко ихьиӡ зыдҳәылас аҿы ахәмарра. Насгьы, ԥыҭрак ашьҭахь ихылҵыз иԥа каталониатә ахьыӡ Жорди ииҭеит. Гвардиола иааиреи иҿыцу аииаирақәеи (2008-2012) Аԥхын 2008 шықәсазы акоманда напхгаҩыз ҟалоит зегь еицырдыруа Хосеп Гвардиола, иара иааира иадҳәалоуп аилазаара арҿыцра. Акоманда иқәцоит Джанлука Ӡамбротта, Лилиан Тиурам, Эдмилсон, Деку, Эскерро, Роналдиньо. Дара ацынхәра «Барса» ирҳаит Даниел Алвес, Сеиду Кеита, Александр Глеб, Жерар Пике. Ахьарԥшқәа Аофициалтә саит Аклуб аҭоурых (аудиоподкаст) Азгәаҭақәа Испаниатәи ашьапылампылтә клубқәа
464
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%95%D0%B4%D0%B8%D1%80%D0%BD%D0%B5
wikipedia
wikipedia
ab
Еди́рне (), Адриано́пол (; ) — Ҭырқтәыла ақалақь. Иаланхо . Шәахә. иара убас www.edirne.bel.tr www.edirne.gov.tr Ахьарԥшқәа Ҭырқәтәыла ақалақьқәа
465
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9C%D0%B5%D1%81%D1%81%D0%B8%2C%20%D0%9B%D0%B8%D0%BE%D0%BD%D0%B5%D0%BB
wikipedia
wikipedia
ab
Лионе́л Андре́с Ме́сси (; , Росарио, Аргентина) — аргентинатә ашьапылампыласҩы, ашьапылампыл клуб «Барселона» ажәылаҩ, 2011 шықәсы аахыз дҟаҵоуп - амилаҭтә Аргентинатә команда капитанс. Иа дыԥхьаӡоуп адунеиаҿы зегьы иреӷьу ахәмарҩыс. Месси дааӡан «Барселонатәи» ашьапылампыл академиа, раԥхьатәи акоманда аҿы 17-шықәса аахыз дыхәмаруеит. 2005, 2007-2013, 2015-2016 ашықәсқәа рзы Месси дыԥхьаӡан иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Аргентина аҟны, 2007, 2009, 2010, 2011 шықәсқәа рзы иа дыԥхьаӡанн иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Ла Лигаҿы. 2009 шықәсазы дыԥхьаӡанн иреиӷьу ашьапылампыласыҩс Европатәи аклубтәи ашьапылампыл аҿы, убри ашықәсазы иреиӷьу ажәылаҩс дыԥхьаӡан. Убасҟангьы иаҭашьахеит «Ахьтәы ампыл» иреиӷьу Европатәи ашьапылампыл асыҩҳәа, насгьы «Абрилианттә ампыл» адунеи аҿы зегь иреӷьу ашьапылампыласыҩҳәа. Иреиӷьу ашьапылампыласыҩ 2010 шықәсазы. 2011 шықәсазы Лионел дыԥхьӡан Европатәи иреӷьу ашьапылампыласыҩс. Аргентинатәи ашьапылампыласҩцәа 1987 шықәсазы ииз Рашәарамза 24 рзы ииз
466
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D3%99%D0%B0%D1%80%D2%AD%D0%BB%D0%B0%D3%B7%D1%8C
wikipedia
wikipedia
ab
Ахәарҭлáӷь, авампир (), ма aҟәарҭлаӷь — Европатә жәлар мифологиаҿы аԥсы дыҟоуп, уахынла дгылoит анышәынҭәра аҿынтә, зны-зынла ахәлыԥҵыс иҿаԥшылараҿы, ауаа ашьа ицәеит. Ахәарҭлаӷь лассы-лассы дҟалалоит акинематографиаҿеи асахьаркыратә литература аҿы. Ахьарԥшқәа
467
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A6%D1%8B%D0%B3%D3%99%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%9A%D0%BE%D1%80%D0%B0%D0%B8
wikipedia
wikipedia
ab
Кораи Џьенгиз (Цыгәба), Кораи Ацыгәба (, диит Кассел, Германиа) — Европа ачемпион ММА аверсиа ала ҳџьынџьуаҩ. Азхьарԥшқәа shergod.com - астатистикақәа germanfightnews.com - ММА ақәԥаҩцәа Цыгәаа
468
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%86%D0%B3%D3%99%D1%8B
wikipedia
wikipedia
ab
Ацгәы́, Ацгу́ () — аҩнытә ԥстәы, хшыла ичо, ацыгәқәа рҭаацәара. Ацгәаба, Ацгәабаӷь – аӷьа Ацгәаԥс – аԥс Ахьарԥшқәа
469
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%B8%D0%BE%D0%B3%D0%B5%D0%BD%20%D0%A1%D0%B8%D0%BD%D0%BE%D0%BF%D1%82%D3%99%D0%B8
wikipedia
wikipedia
ab
Диоген Синоптәи (; ҳ. ҟ. 412 инарзынаԥшуа, Синоп — рашәара 10, ҳ. ҟ. 323, Коринф) — иара убасгьы еицырдыруа Диоген киник еиԥш (, Diogenēs ho Kunikos) — ажәытәбырзен философ, киникцәа рышкол ашьаҭакҩы Антисфен иҵаҩы. Ибиографиа Диоген иԥсҭазаара ашәҟәы ианиҵыз Диоген Лаиерттәи ахыҵхырҭа хада дыԥхьаӡоуп. Уи ажәытәбырзен философцәа ирызку (хәҭакала иҵабыргым) анекдоттә шәҟәы еиқәиршәеит. Ашәҟәынҵара инаақәыршәаны философ Диоген иаб Гекеси дыԥсахҩын. Афилософцәа Ҳ. ҟ. 412 шықәсазы ииз Ҳ. ҟ. 323 шықәсазы иԥсыз Рашәарамза 10 рзы иԥсыз
470
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B8%D0%BD%D0%BD%D0%B5%D0%B8%2C%20%D0%9A%D0%B0%D1%80%D0%BB
wikipedia
wikipedia
ab
Карл Линнеи (, ; , Расҳулт, Швециа — , Уппсала) — ашвед биолог, аус ӷәӷәала иџьабаа адиҵыз зыԥсы ҭоу рыхкқәа ахьӡқәа рыҭара. Уи иаԥыиҵаз аԥҟарала аҵиаақәа зегьы ирымоуп латин бызшәала ицәажәо, ҩажәак рыла ишьақәгылоу ахьӡқәа. Линнеи 1735 ш. иҭҵааны ахьӡқәа рыҭаны ашәҟәы ианиҵеит 4000 иреиҳаны аԥстәы хкқәеи акыр нызқь хкы аҵиаақәеи. Уи ишәҟәы "Аҵиаа хкқәа" захьӡыз аҿы аҵиаа иазкны аиҭаҳатә ахьаницоз авараҿы ианиҵон ҩажәазацәык. Раԥхьатәи ажәа иаанагон аҵиаа шьҭрала изеиуаз ахьӡ, аҩбатәи ажәа - аҵиаа ахкы ахьӡ. Ашәҟәқәа Systema naturae (Аԥсабара асистема, 1735) Genera plantarum (1737) Philosophia botanica (1751) Species Plantarum (1753) Азхьарԥшқәа Линней Карл - апрофил Российская Академия Наук Швециатәи абиологцәа Швециатәи аҵарауаа 1707 шықәсазы ииз Лаҵарамза 23 рзы ииз 1778 шықәсазы иԥсыз Ажьырныҳәамза 10 рзы иԥсыз
471
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D0%BA%D3%99%D0%B0%D0%BA%D1%8C
wikipedia
wikipedia
ab
Ахкәа́кь (евклид иқәыԥшылараҿ) — геометриатә аԥшынра х-ганкқәеи х-кәакьқәеи змоу. Ахкәакь ихадоу аелементқәа Ахықцәақәеи акәақьқәеи Традициала ахкәакь ахықцәақәа идыргоуп латин нбанқәала A, B, C. Раԥхьа ишьҭоу акәақькәуа латинской нбанқәа хәыҷкәала a, b, c. Ахьарԥшқәа
472
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%93%D0%B0%D0%B8%20%D0%98%D1%83%D0%BB%D0%B8%D0%B8%20%D0%A6%D0%B5%D0%B7%D0%B0%D1%80
wikipedia
wikipedia
ab
Гаи Иулии Цезар (, иҵабыргу ахьӡ Каисар; , Рим — , Рим) - ажәытәурым аҳәынҭқарратә политикатә усзуҩ, ар рәихабы, ашәҟәыҩҩ. Иули Цезар диит ажәытәтәи патрициатә Иулиаа рыжәлаҿ. Урҭ ируын Римаҿ акыр иаԥсоу арол. Ажәытә Рим ар реиҳабцәа Ажәытә Рим адиктаторцәа Ажәытә Рим аконсулцәа Ажәытә Рим аролитикцәа Ажәытә Рим ашәҟәыҩҩцәа Ҳ. ҟ. 100 шықәсазы ииз Ԥхынгәымза 12 рзы ииз Ҳ. ҟ. 44 шықәсазы иԥсыз Хәажәкырамза 15 рзы иԥсыз
473
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B3%D1%8C%D0%B5%D0%B6%D1%8C
wikipedia
wikipedia
ab
А́гьежь — икәымпылоу, ахы иақәиҭны агәҵәы акәша-мыкәша иҵәиуа адиск оуп. Агьежь аидарашьҭыхгаҿ акомпонент хадоуп. Уи фба имариаӡоу амеханизмқәа руакуп. Аетимологиа Аԥсуа ажәа "агьежь" ижәытәӡоу ахылҵшьҭра амоуп. Аҭоурых Агьежь аԥҵара ҟалеит ихшәоу Неолитахь. Ахьарԥшқәа Атехника
474
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%85%D0%B0%D0%BC%D0%B5%D0%BB%D0%B5%D0%BE%D0%BD%D2%9B%D3%99%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ахамелеонқәа мамзаргьы ахамелеонатәқәа - ахьынчкәакәырқәа рҭаацәара аҵлақәа рҿы анхара зылшо. Аетимологиа Ажәа "ахамелеон" аԥсуа бызжәахьы аурыс жәала "хамелеон" ажәытәбырзен ажәа χαμαιλέων (khamailéōn) аҟнытә иааит. Азеиԥш ҟазшьарбага Ахамелеон ашьапи, аҵыхәи ххоуп. Ацәеижь аура 30 см иҟоуп. Аҳәсеи, ахаҵеи ахамелеонқәа рыԥшра зынӡа еиԥшым. Аб еиҳа ашьапы ххуақәа амоуп. Ахамелеон абла дуқәа амоуп. Ахамелеон аблақәа 180 градус иҵәиуеит. Уи иалшоит ҭыԥк аҟны игылазар, имҵысыкуа, аганқәа зегьы рахь инаԥшы-ааԥшыр. Уи афатә аԥшаара аҟны иацхраауеит. Хамелеон даараӡа абз ду амоуп. Уи абз иара аура аҵкьыс ҩынтә иаууп. Ахамелеон иалшоит абыз ала инаскьагоу афатә аагара. Ахамелеон абжьы аҳаӡом. Уи иабоит акумзар, иаҳаӡом. Ахамелеонқәа даараӡа ашьшьаҳа иныҟәоит. Урҭ ирласны аиҭаҵра рылшом. Ахамелеон аӡы иӡааҟәрылаӡом, аха уи аӡсышьа аздыруам. Ахамелеон аӡы аҟны еиқәхар ҟалоит, ацәгәырԥа уи аҟәара ахь идәықәнаҵар. Ахамелеон шықәсык ҩынтә ацәа аԥсахуеит. – Аԥҳәыс хамелеон фба инаркны ҩынҩажәа аҟнынӡа акутаӷь шьҭанаҵоит аҭара аҟны. Аҭра аҟаҵара уи ахаҵа хамелеон ацхраауеит. Аԥштәы ԥсахра Идыруп ахамелеон Иралсны аԥштәы заԥсахуа атәы. Аԥштәы заԥсахуеит ахамелеон? Ма ианбаԥсахуа аԥштәы? Ахамелеон ианшәо, даараӡа ирласны аԥштәы аԥсахуеит. Уи ашәарҭа ианҭагылоугьы аԥштәы аԥсахуеит, ус ала иаҭахуп аӷа аҟнытә аҽыҵәахра. Ахамелеонқәа рыԥштәы рыԥсахуеит амла ианакуа ма аӡы ржәыр анырҭаху. Ахамелеон иангәаауа, уи аԥштәы аԥсахуеит! Шаҟа игәаауа аҟра убрысҟак ацәа аԥштәы еиҳа ишкәакәахоит. Анызарҭа Ахамелеонқәа реиҳарак адгьылбжьаха Мадагаскари, Африкеи, агәыла адгьылбжьахақәа рҿыи инхоит. Ахамелеон ахкы рацәа ыҟоуп: урҭ шьоукы, Испаниа, Сириа, Арабтәылагьы инхоит Хамелеон аԥсҭазаара аҵас Ахамелеонқәа еиҳараӡак аҵла аҟны инхоит. Урҭ адгьыл ахь зынӡа илыбааӡом уҳәар ҟалоит. Иҟоуп хкык, уи адгьыл аҟны ауп иахьынхо. Арҭ ахамелеонқәа лассы абӷьқәа рҟны ицәоит, ма аҭыҩраҿы. Ахамелеонқәа шьоукы ашышкламс аҭра аҟны ацәара бзиа ирбоит. Ахамелеонқәа
475
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D3%A1%D1%8B
wikipedia
wikipedia
ab
Аӡы́ (аӡри аԥсҭыркы) — ҩ-хәҭакны еилоу иорганикатәым аиԥшьра Н2O химиатә формула змоу. Ахьарԥшқәа Аҵәыҵәрилақәа Аӡри аиԥшьрақәа
476
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%A9%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D1%82%D3%99%D0%B8%20%D0%B0%D0%BE%D0%BA%D0%B5%D0%B0%D0%BD%20%D2%B5%D0%B0%D0%B0%D1%80%D1%88%D3%99
wikipedia
wikipedia
ab
А́ҩадатәи аокеа́н ҵа́аршә, Аҩадатәи амшынду ҵааршә — Адгьыл аҟны аокеан дуӡӡоуп. Ахьарԥшқәа Аокеанқәа
477
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%82%D0%BB%D0%B0%D0%BD%D1%82%D0%B8%D0%BA%D0%B0%D1%82%D3%99%20%D0%B0%D0%BE%D0%BA%D0%B5%D0%B0%D0%BD
wikipedia
wikipedia
ab
Атлантикатә аокеа́н, Атлантикатә амшынду — Адгьыл аҟны аокеан дуӡӡоуп. Ахьарԥшқәа Аокеанқәа
478
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BF%D0%B0%D0%BB%D0%B8%D0%BD%D0%B4%D1%80%D0%BE%D0%BC
wikipedia
wikipedia
ab
Апалиндром (ажә.бырз. πάλιν - "шьҭахҟа", ажәа.бырз. δρóμος - "аныҟәара") - ҩхырхартак еиԥшны уаԥхьартә иҟоу арыцхә, анбанеицааира, ажәа ма атекст оуп. Иаҳҳәап арыцхә 404; ажәеи "аркра" аԥсуа бызшәаҿы, финтәи ажәеи "saippuakivikauppias" (асапынтиҩы) - адунеиаҿ зегь реиҳа ихәхәоу ажәа - палиндром, атекст "Ари - Ина, ани - Ира" убас егьырҭгьы. Аҭоурых Геркуланумтәи SATOR ижәытәӡоу идыру палиндромуп. Аполиндромқәа рҿырԥштәқәа Аԥсуа бызшәа: Адау иуада Аурыс бызшәа: А роза упала на лапу Азора (Азор ишьапы икашәеит агәил) (Афанасии Фет) Англыз бызшәа: «Madam, I’m Adam» («Мадам, сара — сАдамуп», — аԥхьатәи аԥҳәыс ихы илырдырит аԥхьатәи ауаҩы) «Eve» («Ева», — лхы ӡырымго палиндромла аҭак илтеит) Асемантика Ажәа архәмарра
479
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9F%D0%B8%D0%BE%D1%82%D1%80%D0%BE%D0%B2%D0%B8%D1%86%D0%B5
wikipedia
wikipedia
ab
Пиотрови́це () — Полша ақыҭа дуӡӡоуп. Аӡиас Висла ақалақь иагәылсуеит. Польша ақыҭақәа
480
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%81%D2%AD%D0%B0%D0%BC%D1%8B%D1%80
wikipedia
wikipedia
ab
А́сҭамыр - ахьӡ. Алитература джонуа Б. Г. Киут А. Н. "Самоучитель Абхазского языка", Сухум 2003 Ахаҵа ихьӡқәа
481
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D1%81%D2%AD%D0%B0%D0%BD%D0%B4%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Асҭа́нда - ахьӡ. Алитература джонуа Б. Г. Киут А. Н. "Самоучитель Абхазского языка", Сухум 2003 Аԥҳәыс хьӡқәа
482
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
wikipedia
wikipedia
ab
А — акириллитә ҩыра анбан. А – артикль, приставка определенности: абна, аӡы, аԥсадгьыл, аԥсҭазаара. А – личная притяжательная приставка класса вещей: ацə атəыҩа, ацгəы аҵыхəа, аҵла амахə.
483
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B0%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
wikipedia
wikipedia
ab
Áа — taxus baccata. Áа — ремень кожанный. Аа́ — брус на полу, под навесом старинного абхазского дома. Áа — краткая форма числа 8.
484
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B0%D0%B1%D2%AD%D1%80%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Аабҭра́ — ааԥынти ҭагалани аԥсаса хьчаҩцәа раанкыларҭа. Азхьарԥшқәа Ааԥҭыԥ Ахьарԥшқәа Ахыбрақәеи аргыларақәеи
485
https://ab.wikipedia.org/wiki/8%20%28%D0%B0%D2%B5%D0%B0%D0%BA%D1%8B%D1%80%D0%B0%D1%86%D3%99%D0%B0%D1%80%D0%B0%29
wikipedia
wikipedia
ab
8 — анатуралтә ахыԥхьаӡара ааба. «8» — восьмой студийный альбом группы Мумий Тролль. Восемь — венгерская художественная группа. Восемь — американская художественная группа. Восемь — чешская художественная группа. Ахронологиа Ҳ. ҟ. 8 — последний год I века до н. э. 8 — первый год I века. См. также Восьмёрка — многозначный термин. Группа восьми
486
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%B0%D0%B3%D0%BB%D1%8B%D1%85%D1%82%D3%99%20%D1%80%D0%B0%D0%B8%D0%BE%D0%BD
wikipedia
wikipedia
ab
Ааглыхтә раион Шәахәаԥш иара убас Ааглых Ааглых хьанҭа Ааглых лас Ахьарԥшқәа Ааглых
487
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9D%D0%B0%D0%B0%D0%BB%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Наа́ла — ԥҳәыс хьӡуп. Алитература Джонуа Б. Г. Киут А. Н. "Самоучитель Абхазского языка", Сухум 2003 аԥҳәыс хьӡқәа
488
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%B0%D0%BC%D0%B5%D0%B8
wikipedia
wikipedia
ab
Даме́и - ахаҵа ихьӡ. Алитература Джонуа Б. Г. Киут А. Н. "Самоучитель Абхазского языка", Сухум 2003 ахаҵа ихьӡқәа
489
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%AC
wikipedia
wikipedia
ab
Ь, ь — кириллтәи аҩыратә нбан. Арԥшқага дырга. Азхьарԥшқәа Graphemica (Ь) Graphemica (ь)
490
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D1%82%D0%B2%D0%B8%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Латвиа (), аофициалтә хьӡы: Латвиатәи Ареспублика () — Европаҟны аҳәынҭқарра. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . Ахьарԥшқәа Европатәи атәылақәа Ареспубликақәа НАТО атәылақәа
491
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B8%D0%B5%D0%B2%2C%20%D0%98%D0%BB%D1%8C%D1%85%D0%B0%D0%BC%20%D2%B2%D0%B5%D0%B8%D0%B4%D0%B0%D1%80-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Ильхам Ҳеидар-иԥа Алиев (; , Бақәа) — Азербаиџьан апрезидент иоуп. Азхьарԥшқәа president.az Ильхам Алиеви Владимир Путини реиԥылара мҩаԥысит BBC profile: Ильхам Ҳеидар-иԥа Алиев Речи, выступления, интервью, заявления Президента Азербайджанской Республики Ильхама Алиева Ильхам Алиев и нефтяная дипломатия Азербайджана Внешнеполитическая деятельность президента Азербайджанской Республики Ильхама Алиева Азербаиџьан президентцәа Азербаиџьан аԥыза-министрцәа Азербаиџьантәи аполитикцәа 1961 шықәсазы ииз Ԥхынҷкәынмза 24 рзы ииз
492
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%97%D1%83%D1%80%D0%B0%D0%B1%D0%B8%D1%88%D1%8C%D0%B2%D0%B8%D0%BB%D0%B8%2C%20%D0%A1%D0%B0%D0%BB%D0%BE%D0%BC%D0%B5%20%D0%9B%D0%B5%D0%B2%D0%B0%D0%BD-%D0%B8%D4%A5%D2%B3%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Саломе Леван-иԥҳа Зурабишьвили (; , Париж, Франциа) — Қырҭтәыла апрезидент лоуп. Азхьарԥшқәа Қырҭтәыла ахада ҿыц Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьа аҽаԥсахып ҳәа дазыԥшуп Sciences Po Қырҭтәыла президентцәа Қырҭтәылатәи аполитикцәа 1952 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 18 рзы ииз
493
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B2%D0%B0%D1%9F%D1%8C%D1%8B%D0%BC%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%A0%D0%B0%D1%83%D0%BB%D1%8C%20%D0%8F%D1%8C%D1%83%D0%BC%D0%BA%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба (, Тҟәарчал, Аԥсны) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада. Абиографиа Диит хәажәкырамза 21, 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал ақалақь; 1975 шықәсазы далгеит Тҟәарчалтәи ахабатәи абжьаратә ашкол; 1976-1978 шш. Асовет ар ахаҭақәа рҿы аррамҵзура дахысуан; 1984 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет; 1986 шықәсазы аҵара иҵон Минсктәи СССР аҳәынҭқарратә шәарҭадара аилак ашкол аҟны; 1986-1992 шш. Тҟәарчал ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵура аусзуҩыс дыҟан; 1992-1993 шш. Мрагыларатәи афронт аԥшыхәреи аконтрԥшыхареи рнаԥхгаҩыс дыҟан; 1993-1995 шш. аус иуан Аԥсны аҳәынҭқарра шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭвқәа рҿы; 1996-1999 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аиҳабыс, Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2003 шш. Аԥсны аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантаҩыс, атәылахьчара аминистрс, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2003-2004 шш. Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан; 2005-2009 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2009-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩыс дыҟан; 2012 ш. Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын; 2014 ш. инаркны Аԥсны Ахәынҭқарра Ахадас дыҟоуп; Аинрал-маиоруп, «Леон иорден» ианашьоуп; Дҭаарацәоуп, ҩыџьа ахшара драбуп. Алитература Азхьарԥшқәа Интервью с кандидатом в Президенты Абхазии Раулем Хаджимба Азгәаҭақәа 1958 шықәсазы ииз Хәажәкырамза 21 рзы ииз Аԥсны аполитикцәа 04 Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩцәа Аԥсны аԥыза-министрцәа Ҳаџьымаа
494
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D2%B6%D0%B0%D0%BD%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%A1%D0%B0%D0%BC%D1%81%D0%BE%D0%BD%20%D0%98%D0%B0%D0%BA%D0%BE%D0%B2-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Самсон Иаков-иԥа Ҷанба (; , Аҭара ақыҭа, Очамчыра араион — 1937) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, апоет, апублицист, арккаҩы, аполитик, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы. Абиографиа Диит 1886 шықәса рашәарамза 18 рзы Аҭара ақыҭа Очамчыра араион. Дҭадырхеит 1937 шықәсазы. 1893 шықәсазы С. Ҷанба дҭалеит Драндатәи /Ҵҟыбынтәи/ ауахәаматә школ, уи даналга, Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол даанахәоит, далгоит 1907 шықәсазы. Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, иара абри ашықәсан, рҵаҩыс аус иуан Кәтол ақәҭан /аҵаҩцәа аԥсшәа риҭон/, аха, дук мырҵыкәа, иусура даҟәыхын, арҵаҩ изанааҭ ахь-имамыз дахырҟьаны. Ашьҭахь, иҵара ацҵаразы, С. Ҷанба ҩаԥхьа Қырҭтәылаҟа дцоит, дҭалоит Хонтәи арҵаҩцәа рсеминариа, далгоит 1914 шықәсазы. Аԥсныҟа даныхынҳә иара абри ашықәс инаркны, ҩаԥхьа Кәтолтәи алагарҭатә школ аҿы аусура далагеит: рҵаҩыс, ашкол ахылаԥшҩыс. 1915 шықәсазы С. Ҷанба диасуеит Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь. Абраҟа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит, нас, 1916 шықәсазы, диаргоит Аҟәаҟа, Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿ иеиҿкааз алагарҭатә школ аиҳабыс, иара асеминариаҿ, хазы, аԥсуа бызшәеи агеографиеи рмаҭәарқәагьы дирҵон. Абраҟа аус иуан Аԥсны асовет мчра шьақәгылаанӡа. 1921 шықәса инаркны 1925 шықәсанӡа С. Ҷанба дахагылан аҵара ус азы Жәлар Ркомиссариат /Наркомпрос/. 1923 шықәсазы С. Ҷанба даредакторын агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» - аҵара ус аҿтәи имаҵура иалагӡаны. 1923-1930 шықәсқәа рзы С. Ҷанба Аԥсны Ацентр Нагӡара Комитет /ЦИК/ дахантәаҩуп. 1930 шықәсазы уи ҩаԥхьа аҵара ус азы Жәлар ркомиссарс /министрс/ дҟарҵоит, араҟа аус иуеит 1932 шықәсанӡа. 1934 шықәсазы С. Ҷанба далахәуп СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Актәи аизара ду. 1932-1937 шықәсқәа рзы С. Ҷанба Аԥснытәи Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла данапхгаҩуп. Абиблиографиа Цәгьаӡа дыссирын лара /Апоема «Ашьха ҭыԥҳа» раԥхьатәи ахьз/. Агазеҭ «Аԥсны», 14, 1919 шықәса. Ашьха ҭыԥҳа /Аԥсны/. Акәа, 1925 шықәса. Аԥсадгьылҵара. Арҵага шәҟәы. Акласс еиҵбырақәа рзы. Аҟәа, 1925 шықәса. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1934 шықәса. Иалкаақәоу. Аҟәа, 1958 шықәса. Иалкаау. Аҟәа, 1976 шықәса. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1986 шықәса. Алитература Азхьарԥшқәа Чанба Самсон Яковлевич Ҷанба Самсон Иаков-иҧа ҚАПԤҲА, Арифа. Самсон Ҷанба: аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс (Abaza.org). . Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Аԥсны ажурналистцәа Аԥсны аполитикцәа КПСС алахәылацәа Ҷанаа 1886 шықәсазы ииз Рашәарамза 18 рзы ииз 1937 шықәсазы иԥсыз
495
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%9B%D0%B0%D0%BA%D1%80%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%9C%D0%B8%D1%85%D0%B0%20%D0%90%D0%BB%D0%B5%D2%9B%D1%81%D0%B0%D0%BD%D0%B4%D1%80-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Миха Алықьсандр (Аҳмаҭ)-иԥа Лакрба (; , Мархьаул ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — , Москва) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы. Абиографиа Диит 1901 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы Мархьаул ақыҭа Аҟәа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1965 шықәса ԥхынҷкәынмза 15 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы. Аҵара иҵон Аҟәа, Ашьхарыуаа рышкол аҟны, уи даналга - Аҟәатәи Ареалтә училишьче аҿы, иреиҳау аҵара-дырра иоуит Қарҭ, 1929 шықәсазы далгоит Қарҭтәи Аполитехникатә институт аиуристтә-економикатә факультет, нас, а-30-тәи ашықәсқәа раан, аҵара иҵоит Москва, акино-драматургцәа ахьазыҟарҵоз Иреиҳау акурсқәа рҿы. Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра. Антологиаҿ иарбоу М.Лакрба иеицырдыруа иажәеинраала «Дмитри Гәлиа изынасҭиуеит» (абас акәын раԥхьаӡа адунеи анабоз ишахьӡыз) абри аҭыжьымҭаҿ хыс иазалхуп ажәеинраала излалаго актәи ацәаҳәа: «Ушнеиуа унеи!..» 1947-1955 шықәсқәа рзы, харада-барада, аара ӷәӷәа идҵаны дҭакын, доурышьҭит залымдарыла дышҭакыз шьақәырӷәӷәаны. Иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Актәи атом ҭыҵит 1968 шықәсазы, аҩбатәи - 1971 шықәсазы, аҳԥатәи атом зҭымҵыцкәа иаанханы иҟоуп. Алитература Азхьарԥшқәа Лакрба Михайл Александрович Лакрба Миха Алеқсандр-иԥа Михаил Лакербай Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Лакраа 1901 шықәсазы ииз Ажьырныҳәамза 19 рзы ииз 1965 шықәсазы иԥсыз Жьҭаарамза 15 рзы иԥсыз
496
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D2%B3%D0%B0%D1%88%D0%B1%D0%B0%2C%20%D0%9C%D1%83%D1%88%D1%8C%D0%BD%D0%B8%20%D0%9B%D0%B0%D0%B2%D1%80%D0%B5%D0%BD%D1%82-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
wikipedia
wikipedia
ab
Мушьни Лаврент-иԥа Аҳашба (; , Ԥақәашь, Очамчыра араион — , Аҟәа) — аԥсуа апоет. Абиографиа Диит 1903 шыҳәса маи 6 рзы, Цақәашь ақыҭа Очамчыра араион. Ицсҭазаара далҵит 1992 шықәса апрель 9 рзы, джуп Абжьакәа. 1918 - 1923 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит Акәатәи арҵаоцәа рсеминариаҿ, уи даналга, 1924-1927 шықәсқәа рзы иреиҳау аҵара-дырра иоуеит Москва - Аҳәьгаҭқарратә журналистикатә институт акны. 1938 - 1957шықәсқәа рзы М.Аҳашба Ацсны АССР Иреиҳазоу асовет Апрезидиум дамазаныкәгаоын. Поет ҳасабла акьыцхь аҿы дцәырҵит 1919 шықәсазы. Иалкаақәоу. Акәа, 1957 шықәса. Ахьарԥшқәа Азхьарԥшқәа Хашба Мушни Лаврентьевич Аҳашба Мушьни Лаврент-иԥа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны ажурналистцәа Ҳашаа 1903 шықәсазы ииз Лаҵарамза 6 рзы ииз 1992 шықәсазы иԥсыз Мшаԥымза 9 рзы иԥсыз
497